Аԥсны ахада Бадра Гәынба дидикылеит Аԥсни Урыстәылеи Жәлар рартистка Хьыбла Гьерзмааԥҳа
16:00 03.08.2026 (ирҿыцуп: 16:39 03.08.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, нанҳәа 3— Sputnik. Аԥсны ахада Бадра Гәынба дидикылеит Аԥсни Урыстәылеи Жәлар рартистка Хьыбла Гьерзмааԥҳа.
Атәыла ахада иазгәеиҭеит афестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит... " амузыкатә ҟазара адагьы иааидкыланы Аԥсны аӡбахә аларҵәара иазырхоуп ҳәа.
"Жәаҳәарада, ари Аԥсны азы зынӡа даҽа ӡбахәуп, даҽа лшароуп, ахәҭакахьала, адунеи зегьы еицџьаршьо шәыбжьала. Насыԥуп ҳажәлар еиҳа иԥшӡаны, еиҳа илашаны иҟазҵо ауаҩы дахьҳамоу", — азгәеиҭеит Гәынба.
Аоператә шәаҳәаҩы аҳәынҭқарра ахада ҭабуп ҳәа иалҳәеит лыпроектқәа иарҭо адгылареи азҿлымҳареи рзы.
"Сара сзы акырӡа аҵанакуеит Аԥсныҟа аара. Афестиваль араҟа иит, сҭаацәа ргәалашәара иазкуп. Сгәы иахәоит, шәара атәыла ахада иаҳасабала — акультура атәыла шыҟанаҵо ахьеилышәкаауа, ари аполитика хада ахаҭа ауп", — азгәалҭеит Гьерзмааԥҳа.
XXIV афестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит..." аатит Аԥсуа драматә театр ашҭаҿы нанҳәа 2 рзы. Гьерзмааԥҳа асцена илыцықәгылан Пиотр Востоков напхгара зиҭо аџьаз оркестр. Афестиваль даҽа ҩ-концертк мҩаԥгахоит, нанҳәа 5 рзы — Бедиатәи аныхабаа аҿаԥхьа, нанҳәа 8 рзы — Пицундатәи ауахәамаҿы.
Афестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит..." мҩаԥысуеит Аԥсны анапхгареи, Акультура аминистрреи, Урыстәыла акультура аминистрреи, акультуратә аԥшьгарақәа рзы Урыстәылатәи ахада ифонди рыцхыраарала.