"Амшынеиқәафымцамч" аусзуҩцәа разыҟаҵареи рзанааҭтә дырра аизырҳареи апрограмма хацдыркит
14:43 05.08.2026 (ирҿыцуп: 15:30 05.08.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, нанҳәа 5 — Sputnik. "Амшынеиқәафымцамч" аусзуҩцәа етап-етапла разыҟаҵареи рзанааҭтә дырра аизырҳареи апрограмма хацдыркит.
Уи Аԥсны афымцаҳақәа реиҭарҿыцра иахьырԥшны, анапхгараҭаратә система аҿиареи аспециалистцәа атехнологиатә стандарт ҿыцқәа разыҟаҵареи ирзырхоуп.
Раԥхьатәи етапны иҟалоит хымштәи асессиа "Иуадаҩу асистемақәа рархитектор: Аԥсны Аҳәынҭқарра афымцамчтә комплекс аҿиара апроектҟаҵара". Алахәылацәа ихадоу ауснагӡатәқәа шьақәдыргылоит, ареформақәа рзы ражәалагалақәа аус рыдырулоит.
"Ари аус апроцесс аҿы ишьақәыргылахо абжьгарақәа, ҳәарада, ҳрызхәыцуеит. Урҭ ахәҭаны иҳаԥхьаӡар, аструктураҩныҵҟатәи аиҭакрақәа алагалахоит", — ҳәа азгәеиҭеит "Амшынеиқәафымцамч " адиректор хада Ҭемыр Џьынџьал.