Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аусура заанаҵтәи аихшьаалақәа ирылацәжәеит
22:54 05.08.2026 (ирҿыцуп: 23:56 05.08.2026)

© Sputnik
Анапаҵаҩра
АҞӘА, нанҳәа 5 — Sputnik. Бадра Гәынба 2026 шықәсазтәи акурорттә сезон азы Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аусура заанаҵтәи аихшьаалақәа рыҟаҵаразы онлаин-еилацәажәара мҩаԥигеит.
"Ари апроект атуризм аҿиаразы, ареспублика атранспорттә еимадара аизырҳаразы, аусутә активра арҭбааразы, иааидкыланы Урыстәылеи ҳареи ҳусеицура арӷәӷәаразы алшара ҿыцқәа аанартит", — ҳәа иҳәеит аҳәынҭқарра ахада.
Атәыла ахада иазгәеиҭеит, Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза мышкала 4 инаркны 8 рҟынӡа ареисқәа рымаҵ шауа, уи иаанарԥшуеит аҳаиреимадара аҭаххара шыҟоу. Иара убасгьы, иҳәеит аҳаирбаӷәаза аусура иабзоураны Гәылрыԥшь араион абиуџьет ахатәы хашәалахәқәа шықәсык аҩнуҵҟа ҩынтә ишацлаз.

"Уи иарбанзаалак ажәақәа раасҭа еиӷьу рбагоуп, атәыла аекономикеи ауаа рыԥсҭазаара ахаҭабзиара ашьҭыхреи рзы, атранспорттә инфраструктура аҿиара ҵакыс иамоу аарыԥшраҿ", — иҳәеит Бадра Гәынба.
Аилацәажәара рхы аладырхәит аԥыза-министр Владимир Делба, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладков, Аекономика аминистр Ҭеимураз Амқәаб, аҳаирбаӷәаза адиректор хада Руслан Блиндиук.
Авидеоеимадарала аилатәара рҽаладырхәит Урыстәыла атранспорт аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Звереви Свердловсктәи, Нижегородтәи, Самаратәи аобластқәа, Ханты-Мансиатәи автономтә округи Башкортосҭани рнапхгара ахаҭарнакцәеи.

Виачеслав Гладков иазгәеиҭеит, аҳаирбаӷәазеи, амшынтә баӷәазақәеи, аихамҩақәеи, автомҩадуқәеи иҭышәынтәаланы русура — Аԥсны асуверенитети, ашәарҭадареи рзы иназыцҵоу хәдықәҵагоуп ҳәа.
Иара ихы алаирхәит аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба имҩаԥигаз 2026 шықәсазтәи акурорттә сезон азы Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аусура заанаҵтәи аихшьаалақәа рыҟаҵаразы онлаин-еилацәажәара.
"Ҳәарада, иарбоу зымҽхак ҭбаау апроект анагӡара — ари Аԥсны аиҳабыра ркоманда зегьы аусура иреиҳаӡоу аҩаӡара ала анагӡара аанарԥшуеит", — ҳәа азгәеиҭеит иара.