https://sputnik-abkhazia.info/20260807/1064844945.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Жәларбжьаратәи аҿартә форум "Аԥсны Ҿа" ААУ аҿы иаатит. Афорум апрограмма хҭысла ибеиоуп.Иахьа имҩаԥгахоит ауаажәларра-патриоттә еиҿкаара "Аԥсны Ҿа" алахәылацәа... 07.08.2026, Sputnik Аҧсны
2026-08-07T13:01+0300
2026-08-07T13:01+0300
2026-08-07T13:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/08/07/1064844779_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_66efabf36fc07c94ebb5c3345cd41812.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Жәларбжьаратәи аҿартә форум "Аԥсны Ҿа" ААУ аҿы иаатит. Афорум апрограмма хҭысла ибеиоуп.Иахьа имҩаԥгахоит ауаажәларра-патриоттә еиҿкаара "Аԥсны Ҿа" алахәылацәа реизара ду, уи аҳәаақәа ирҭагӡаны аԥҟаԥҵәеи аиҿкаара аҿиара апрограммеи рыдыркылоит, иара убас анапхгара ҿыц алырхуеит.Уи адагьы, Аԥсни Урыстәылеи рҿартә еиҿкаарақәа рыбжьара аусеицуразы аиқәшаҳаҭрақәа рнапаҵыҩра азгәаҭоуп.Афорум аҿы аҿартә политика актуалтә темақәа ирылацәажәоит, алекциақәа, аҟаза-иклассқәа,еицырдыруа урыстәылатәи аспортсменцәа рԥыларақәа мҩаԥгахоит.
Росмолодежь ахада ихаҭыԥуаҩ Денис Аширов аҿар рфорум алахәылацәа дырзаԥхьеит Сергеи Кириенко иҟынтәи адныҳәаларатә шәҟәы. Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ иазгәеиҭеит Аԥсни Урыстәылеи рыжәларқәа иаку адоуҳатә малқәеи, атрадициақәеи, аиҩызареи рыла ӷәӷәала ишеидҳәалоу, урҭ аизыҟазаашьақәа рырӷәӷәараҿы еснагь ароль ҷыда аҿар ишынарыгӡоз. "Шәара, абаҩхатәра змоу, ахықәкқәа змоу аҿар шәоуп ҳтәылақәа рԥеиԥш еицзыргылаша ҳәа азгәеиҭеит адныҳәалараҿы. Кириенко аҿар рфорум алахәылацәа ирзеиӷьеишьеит ахагәрагара, аартра ҿыцқәа, алҵшәа змоу аусура.
Аԥсны аҿартә политика иҿыцу аҩаӡарахь инеиуеит иҳәеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Ҭарашь Ҳагба, жәларбжьаратәи афорум "Аԥсны Ҿа" аартраан данықәгылоз."Ҳара иаҳуалу — ауаажәларратә еиҿкаарақәа зегьы раԥшьгарақәа реидкылароуп, иахәҭоу амҩа ақәҵароуп, адгылареи ацхыраареи рыҭароуп", — иҳәеит иара.Ҳагба иажәақәа рыла, урыстәылатәи агранттә еицлабрақәа рылахәхара иабзоураны — Аԥсны аҿар иахьа алшара ҿыцқәа рзаатуеит.
Уи аԥхьа Аҿартә политика аҿиара иалацәажәеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Ҭарашь Ҳагбеи Росмолодежь анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Денис Аширови.Аширов Аҟәаҟа дааит иахьа ААУ аҟны иаатыз жәларбжьаратәи аҿар рфорум "Аԥсны Ҿа" ахалархәразы, абри атәы аанацҳауеит Аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә еилакы.Аганқәа азааҭгылеит аҿиара апрограмма анагӡара, аинфраструктура аԥҵара, асоциалтә проектқәа адгылара рыҭара, Аԥсны аҿар агранттә еицлабрақәеи, арҵаратә программақәеи, афорумқәеи рылахәхаразы рылшарақәа рырҭбаара.
Аҿар рфорум хықәкы хадас иамоу — Аԥсны инхо дарбанызаалак ақәыԥш ауаажәларратә усура иалархәроуп ҳәа иԥхьаӡоит Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладков."Бадра Зураб-иԥа еиликаауеит, ареспублика уаҵәтәи аԥеиԥш иахьа абра итәоу шшәаку Аҳәынҭқарра — аҿар рааӡара рнапы адмыркыр, уи ҳаӷацәа рнапы аларкуеит. Усеиԥш ҟамлароуп", — иҳәеит иара, жәларбжьаратәи афорум "Аԥсны Ҿа" аартраан данықәгылоз.Гладков иҭабуп ҳәа реиҳәеит аԥснытәи рколлегацәа рԥышәа рыцеиҩыршарц иааз афедералтә ҿартә центрқәа рхаҭарнакцәа.
Жәларбжьаратәи аҿартә форум "Аԥсны Ҿа" ААУ аҿы иаатит. Афорум апрограмма хҭысла ибеиоуп.Иахьа имҩаԥгахоит ауаажәларра-патриоттә еиҿкаара "Аԥсны Ҿа" алахәылацәа реизара ду, уи аҳәаақәа ирҭагӡаны аԥҟаԥҵәеи аиҿкаара аҿиара апрограммеи рыдыркылоит, иара убас анапхгара ҿыц алырхуеит.Уи адагьы, Аԥсни Урыстәылеи рҿартә еиҿкаарақәа рыбжьара аусеицуразы аиқәшаҳаҭрақәа рнапаҵыҩра азгәаҭоуп.Афорум аҿы аҿартә политика актуалтә темақәа ирылацәажәоит, алекциақәа, аҟаза-иклассқәа,еицырдыруа урыстәылатәи аспортсменцәа рԥыларақәа мҩаԥгахоит. Росмолодежь ахада ихаҭыԥуаҩ Денис Аширов аҿар рфорум алахәылацәа дырзаԥхьеит Сергеи Кириенко иҟынтәи адныҳәаларатә шәҟәы. Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ иазгәеиҭеит Аԥсни Урыстәылеи рыжәларқәа иаку адоуҳатә малқәеи, атрадициақәеи, аиҩызареи рыла ӷәӷәала ишеидҳәалоу, урҭ аизыҟазаашьақәа рырӷәӷәараҿы еснагь ароль ҷыда аҿар ишынарыгӡоз. "Шәара, абаҩхатәра змоу, ахықәкқәа змоу аҿар шәоуп ҳтәылақәа рԥеиԥш еицзыргылаша ҳәа азгәеиҭеит адныҳәалараҿы. Кириенко аҿар рфорум алахәылацәа ирзеиӷьеишьеит ахагәрагара, аартра ҿыцқәа, алҵшәа змоу аусура. Аԥсны аҿартә политика иҿыцу аҩаӡарахь инеиуеит иҳәеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Ҭарашь Ҳагба, жәларбжьаратәи афорум "Аԥсны Ҿа" аартраан данықәгылоз."Ҳара иаҳуалу — ауаажәларратә еиҿкаарақәа зегьы раԥшьгарақәа реидкылароуп, иахәҭоу амҩа ақәҵароуп, адгылареи ацхыраареи рыҭароуп", — иҳәеит иара.Ҳагба иажәақәа рыла, урыстәылатәи агранттә еицлабрақәа рылахәхара иабзоураны — Аԥсны аҿар иахьа алшара ҿыцқәа рзаатуеит. Уи аԥхьа Аҿартә политика аҿиара иалацәажәеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Ҭарашь Ҳагбеи Росмолодежь анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Денис Аширови.Аширов Аҟәаҟа дааит иахьа ААУ аҟны иаатыз жәларбжьаратәи аҿар рфорум "Аԥсны Ҿа" ахалархәразы, абри атәы аанацҳауеит Аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә еилакы.Аганқәа азааҭгылеит аҿиара апрограмма анагӡара, аинфраструктура аԥҵара, асоциалтә проектқәа адгылара рыҭара, Аԥсны аҿар агранттә еицлабрақәеи, арҵаратә программақәеи, афорумқәеи рылахәхаразы рылшарақәа рырҭбаара. Аҿар рфорум хықәкы хадас иамоу — Аԥсны инхо дарбанызаалак ақәыԥш ауаажәларратә усура иалархәроуп ҳәа иԥхьаӡоит Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладков."Бадра Зураб-иԥа еиликаауеит, ареспублика уаҵәтәи аԥеиԥш иахьа абра итәоу шшәаку Аҳәынҭқарра — аҿар рааӡара рнапы адмыркыр, уи ҳаӷацәа рнапы аларкуеит. Усеиԥш ҟамлароуп", — иҳәеит иара, жәларбжьаратәи афорум "Аԥсны Ҿа" аартраан данықәгылоз.Гладков иҭабуп ҳәа реиҳәеит аԥснытәи рколлегацәа рԥышәа рыцеиҩыршарц иааз афедералтә ҿартә центрқәа рхаҭарнакцәа.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/08/07/1064844779_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_3489e2e9c34f0d9fb958a62d63cd667a.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио