Урыстәылатәи аруаа рхәыҷқәа рзы Аԥсны ашкол аргылара хыркәшоуп
12:39 13.08.2026 (ирҿыцуп: 13:00 13.08.2026)

© Foto / Video screenshot
Анапаҵаҩра
АҞӘА, нанҳәа 13 — Sputnik. Урыстәылатәи аруаа рхәыҷқәа рзы Аԥсны ашкол аргылара хыркәшоуп.
Уи ргылоуп Гәдоуҭа арратә база иахьаҵанакуа, 300-ҩык аҵаҩцәа ирзырхоуп. Ашкол аргылара рнапы алакын Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра Арра-ргыларатә комплекс аҟазауаа.
Ашкол аҵареи активла ашколтә ԥсҭазаареи рзы иахәҭоу зегьы рыла еиқәыршәоуп, уаҟа иҟоуп адәахьтәи аспорттә шҭаҳәыԥшқәа, аспорттә зал, азал ду, иҿыцӡоу амаругақәа ахьыҟоу аклассқәа.
Ашкол дыргылаанӡа, аруаа рхәыҷқәа абаза азааигәара иҟаз, аҭыԥзымхара змаз аԥсуа школқәа рахь иныҟәон, уи азы асменақәа еиҿыркаауан.