https://sputnik-abkhazia.info/20260813/1064962935.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Блабырхәа ақыҭан ахатәы вертолиот амашәыртә ҭагылазаашьала идыртәеит ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит Аԥсны АҶА апресс-маҵзура. Ахҭыс ҟалеит аԥшьаша асааҭ 07:53 рзы... 13.08.2026, Sputnik Аҧсны
2026-08-13T13:30+0300
2026-08-13T13:30+0300
2026-08-13T17:12+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/08/0d/1064962769_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_8d87fdc6a0b941bd34b7dfb83c696012.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Блабырхәа ақыҭан ахатәы вертолиот амашәыртә ҭагылазаашьала идыртәеит ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит Аԥсны АҶА апресс-маҵзура. Ахҭыс ҟалеит аԥшьаша асааҭ 07:53 рзы. Аӡәгьы ааха рмоуӡеит.
"Сара сзы Аԥсны раԥхьа иргыланы ҩнуп". Аԥсы ахада Бадра Гәынба урыстәылатәи аблогер Максим Ануфриев, аблог "Макс илаԥш" автор аинтервиу ииҭеит. Иара иазгәеиҭеит, Аԥсны жәлар ари адгьыл аҿы еиқәхарц, абиԥарала аԥышәара дуқәа шырхыргарз. "Аԥсны — хаҭала сара сзы, ҳџьынџьуаа аӡәырҩыгьы рзы, иузымԥсахуа ҭыԥуп. Даҽа ҩнык ҳара иҳамаӡам", — иҳәеит атәыла ахада.**Ҭҳәыбын — Алашарбага амаршрут ала атроллеибус аныҟәара шьаҭанкыла еиҭашьақәыргылоуп. Уи азы аспециалистцәа аамҭа кьаҿк иалагӡан ахагатә станциа маҷ аиҭашьақәыргылара рҽазыршәеит, агрегат еиҳа зымчхара ӷәӷәоу аҿыц ала ирыԥсахит ҳәа рҳәеит ақалақь ахадараҿы. Атроллеибус амаршрут "Аџьармыкьа — Ҭҳәыбын" ала аныҟәара аамҭала иаанкылан ԥхынгәы 30 рзы ахагатә станциа маҷ аҿы иҟаз ауадаҩрақәа ирыхҟьаны.
Урыстәылатәи аруаа рхәыҷқәа рзы Аԥсны ашкол аргылара хыркәшоуп. Уи ргылоуп Гәдоуҭа арратә база иахьаҵанакуа, 300-ҩык аҵаҩцәа ирзырхоуп. Ашкол аргылара рнапы алакын Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра Арра-ргыларатә комплекс аҟазауаа. Ашкол аҵареи активла ашколтә ԥсҭазаареи рзы иахәҭоу зегьы рыла еиқәыршәоуп, уаҟа иҟоуп адәахьтәи аспорттә шҭаҳәыԥшқәа, аспорттә зал, азал ду, иҿыцӡоу амаругақәа ахьыҟоу аклассқәа.
Абаҩрҵәҩы Имш иазку аӡсаразы ареспубликатә турнир хацдыркит Аҟәа. Аицлабра иалахәуп хә-қәратә категориак ирыҵаркуа ашколхәыҷқәа ҳәа лҳәеит аицлабрақәа рыӡбаҩ хада Елена Вардимиади. 6-7 шықәса зхыҵуа ахәыҷқәа 25 метра иӡсоит, 9-10 шықәса зхыҵуа ахәыҷқәа — 50 метра, 11-12, 13-14 шықәса зхыҵуа ахәыҷқәа — 100 метрак, 15-17 шықәса зхыҵуа алахәылацәа — 200 метра. Зынӡа Ареспубликатә турнир иалахәуп Аԥсни Урыстәылеи рҟынтәи 66-ҩык аспортсменцәа.
Блабырхәа ақыҭан ахатәы вертолиот амашәыртә ҭагылазаашьала идыртәеит ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит Аԥсны АҶА апресс-маҵзура. Ахҭыс ҟалеит аԥшьаша асааҭ 07:53 рзы. Аӡәгьы ааха рмоуӡеит."Сара сзы Аԥсны раԥхьа иргыланы ҩнуп". Аԥсы ахада Бадра Гәынба урыстәылатәи аблогер Максим Ануфриев, аблог "Макс илаԥш" автор аинтервиу ииҭеит. Иара иазгәеиҭеит, Аԥсны жәлар ари адгьыл аҿы еиқәхарц, абиԥарала аԥышәара дуқәа шырхыргарз. "Аԥсны — хаҭала сара сзы, ҳџьынџьуаа аӡәырҩыгьы рзы, иузымԥсахуа ҭыԥуп. Даҽа ҩнык ҳара иҳамаӡам", — иҳәеит атәыла ахада.**Ҭҳәыбын — Алашарбага амаршрут ала атроллеибус аныҟәара шьаҭанкыла еиҭашьақәыргылоуп. Уи азы аспециалистцәа аамҭа кьаҿк иалагӡан ахагатә станциа маҷ аиҭашьақәыргылара рҽазыршәеит, агрегат еиҳа зымчхара ӷәӷәоу аҿыц ала ирыԥсахит ҳәа рҳәеит ақалақь ахадараҿы. Атроллеибус амаршрут "Аџьармыкьа — Ҭҳәыбын" ала аныҟәара аамҭала иаанкылан ԥхынгәы 30 рзы ахагатә станциа маҷ аҿы иҟаз ауадаҩрақәа ирыхҟьаны.Урыстәылатәи аруаа рхәыҷқәа рзы Аԥсны ашкол аргылара хыркәшоуп. Уи ргылоуп Гәдоуҭа арратә база иахьаҵанакуа, 300-ҩык аҵаҩцәа ирзырхоуп. Ашкол аргылара рнапы алакын Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра Арра-ргыларатә комплекс аҟазауаа. Ашкол аҵареи активла ашколтә ԥсҭазаареи рзы иахәҭоу зегьы рыла еиқәыршәоуп, уаҟа иҟоуп адәахьтәи аспорттә шҭаҳәыԥшқәа, аспорттә зал, азал ду, иҿыцӡоу амаругақәа ахьыҟоу аклассқәа.Абаҩрҵәҩы Имш иазку аӡсаразы ареспубликатә турнир хацдыркит Аҟәа. Аицлабра иалахәуп хә-қәратә категориак ирыҵаркуа ашколхәыҷқәа ҳәа лҳәеит аицлабрақәа рыӡбаҩ хада Елена Вардимиади. 6-7 шықәса зхыҵуа ахәыҷқәа 25 метра иӡсоит, 9-10 шықәса зхыҵуа ахәыҷқәа — 50 метра, 11-12, 13-14 шықәса зхыҵуа ахәыҷқәа — 100 метрак, 15-17 шықәса зхыҵуа алахәылацәа — 200 метра. Зынӡа Ареспубликатә турнир иалахәуп Аԥсни Урыстәылеи рҟынтәи 66-ҩык аспортсменцәа.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/08/0d/1064962769_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_96de15eae4dd97c9ea5a1b277b43dc65.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио