Урыстәылатәи аҳаирхыхьчаратә мчқәа украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 553 ҭадырхеит
10:11 14.08.2026 (ирҿыцуп: 10:34 14.08.2026)

© Sputnik / Евгений Биятов
Анапаҵаҩра
АҞӘА, нанҳәа 14 — Sputnik. Урыстәылатәи арегионқәа рҿы аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 553 ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Адронқәа ҭархан Нижегородтәи, Курсктәи, Бриансктәи, Белгородтәи, Калугатәи, Смоленсктәи, Твертәи, Псковтәи, Орловтәи, Тулатәи, Липецктәи, Костромтәи, Риазантәи, Ростовтәи, Линенградтәи аобластқәа рҿы.
Уи адагьы, адронқәа ҭархоуп Москватәи арегион, Краснодартәии Ставропольтәи атәылаҿацәқәа рҟны, Ҟрым, Амшын еиқәеи Азовтәи амшыни рқәыԥшылараҿы.