https://sputnik-abkhazia.info/20260814/1064986472.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Бадра Гәынба нанҳәа 14 Аԥсны иахьатәи аҭоурых адаҟьақәа рҟны лахьеиқәҵаратә рыцхәны иаанхоит ҳәа ахиҳәааит. Аԥсны ахада ажәлар рахь ааԥхьара ҟаиҵеит Аԥсадгьыл... 14.08.2026, Sputnik Аҧсны
2026-08-14T13:30+0300
2026-08-14T13:30+0300
2026-08-14T13:53+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/08/0e/1064986306_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_7d1e0b23f195049535c8e33fe299984c.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Бадра Гәынба нанҳәа 14 Аԥсны иахьатәи аҭоурых адаҟьақәа рҟны лахьеиқәҵаратә рыцхәны иаанхоит ҳәа ахиҳәааит. Аԥсны ахада ажәлар рахь ааԥхьара ҟаиҵеит Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ргәалашәара амш азы. Иара иазгәеиҭеит, абри амш аҽны, 1992 шықәсазы излагаз Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра — аԥсуа жәлар агәаҟра дуқәа рзаанагеит, аԥсадгьыл аҟазаареи аҟамзаареи иҭанаргылеит ҳәа. "413 мшы Аԥсныжәлар бџьаршьҭыхла рџьынџьдгьыл рыхьчон. Зегь реиҳа иуадаҩыз амшқәа рзы, зықьҩыла ҳауаажәлар Аԥсадгьыл ахьчара иазгылеит. Урҭ иарӷьажәҩаны ирыдгылеит Нхыҵ-Кавказынтәи, Урыстәылатәи арегионқәа рҟынтәи хатәгәаԥхарала еибашьуаз, аҳәаанырцә инхоз аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа. Ҳаԥсадгьыл амцашыра ианалагылаз аамҭазы иаадырԥшыз афырхаҵареи, иҟарҵаз ацхыраареи Аԥсны аҭоурых аҟны наӡаӡа иаанхоит", — иҳәеит Гәынба.
1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра ианалага амш аҽны Ахьӡ-аԥша апарк аҿы аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ргәаларшәара аҳаҭыраз ашәҭқәа шьҭарҵеит. Афырхацәа ргәаладыршәеит Аԥсны ахада Бадра Гәынба, ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладков, Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла ацҳаражәҳәаҩ Асҭамур Кациа, Аиҳабыра алахәылацәа, Жәлар Реизара адепутатцәа, аибашьра аветеранцәа, хатәгәаԥхарала еибашьуаз, иҭахаз рыуацәа, аԥсуа ар аррамаҵзурауаа, ауаажәларра.
Гәдоуҭа Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ргәаладыршәеит. Араион анапхгара, аибашьра аветеранцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа ашәҭқәа шьҭарҵеит 1992-1993 шықәсқәа рзы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз ргәалашәара аҳаҭыраз игылоу абаҟа амҵан. Гәдоуҭа араион ахада Асҭамур Аргәын иазгәеиҭеит, нанҳәа 14 наунагӡа лахьеиқәҵаратә мшны иаанхоит ҳәа. "Аԥсадгьыл ахьчараз игылаз арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи иаҳзааргаз аиааироуп- иахьа Ахьыԥшымра азхаҵара шьагәыҭс иамоу. Ҳаԥхьа ишьҭоу аусқәа ҳрылацәажәаратәы ҳҟазҵазгьы дара роуп", — иҳәеит иара.
Аԥсны Аҵара аминистрра Тҟәарчал араион аҵарадырра аусбарҭа аспорттә маҭәахәқәа арҭеит. Аминистрра Абаҩрҵәыратә ааӡареи аррақәранӡатә зыҟаҵареи рыҟәша аиҳабы Иракли Ҵурҵумиа иҳәеит, уаанӡа Тҟәарчал араион аҟынтәи ацхыраараз аусбарҭахь аҳәара шыҟарҵахьаз. "Араҟа иҟоуп аԥаразы аҵәыргылақәа, аԥкьаҭмпылтә еишәақәа, ашьапылампылтә каҭақәа, анапылампылтә каҭақәа, аԥкьаҭмпылтә ракеткақәа уҳәа убас иҵегьы", — иҳәеит Ҵурҵумиа.Ҵурҵумиа иара убасгьы иазгәеиҭеит, аусбарҭа аспорттә маҭәахәқәа разымхара ауадаҩра ахьыҟоу араионқәа рҿы, аҵарадырра аусбарҭақәа ацхыраара рыҭара ишацнаҵо.
Бадра Гәынба нанҳәа 14 Аԥсны иахьатәи аҭоурых адаҟьақәа рҟны лахьеиқәҵаратә рыцхәны иаанхоит ҳәа ахиҳәааит. Аԥсны ахада ажәлар рахь ааԥхьара ҟаиҵеит Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ргәалашәара амш азы. Иара иазгәеиҭеит, абри амш аҽны, 1992 шықәсазы излагаз Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра — аԥсуа жәлар агәаҟра дуқәа рзаанагеит, аԥсадгьыл аҟазаареи аҟамзаареи иҭанаргылеит ҳәа. "413 мшы Аԥсныжәлар бџьаршьҭыхла рџьынџьдгьыл рыхьчон. Зегь реиҳа иуадаҩыз амшқәа рзы, зықьҩыла ҳауаажәлар Аԥсадгьыл ахьчара иазгылеит. Урҭ иарӷьажәҩаны ирыдгылеит Нхыҵ-Кавказынтәи, Урыстәылатәи арегионқәа рҟынтәи хатәгәаԥхарала еибашьуаз, аҳәаанырцә инхоз аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа. Ҳаԥсадгьыл амцашыра ианалагылаз аамҭазы иаадырԥшыз афырхаҵареи, иҟарҵаз ацхыраареи Аԥсны аҭоурых аҟны наӡаӡа иаанхоит", — иҳәеит Гәынба. 1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра ианалага амш аҽны Ахьӡ-аԥша апарк аҿы аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ргәаларшәара аҳаҭыраз ашәҭқәа шьҭарҵеит. Афырхацәа ргәаладыршәеит Аԥсны ахада Бадра Гәынба, ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладков, Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла ацҳаражәҳәаҩ Асҭамур Кациа, Аиҳабыра алахәылацәа, Жәлар Реизара адепутатцәа, аибашьра аветеранцәа, хатәгәаԥхарала еибашьуаз, иҭахаз рыуацәа, аԥсуа ар аррамаҵзурауаа, ауаажәларра. Гәдоуҭа Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ргәаладыршәеит. Араион анапхгара, аибашьра аветеранцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа ашәҭқәа шьҭарҵеит 1992-1993 шықәсқәа рзы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз ргәалашәара аҳаҭыраз игылоу абаҟа амҵан. Гәдоуҭа араион ахада Асҭамур Аргәын иазгәеиҭеит, нанҳәа 14 наунагӡа лахьеиқәҵаратә мшны иаанхоит ҳәа. "Аԥсадгьыл ахьчараз игылаз арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи иаҳзааргаз аиааироуп- иахьа Ахьыԥшымра азхаҵара шьагәыҭс иамоу. Ҳаԥхьа ишьҭоу аусқәа ҳрылацәажәаратәы ҳҟазҵазгьы дара роуп", — иҳәеит иара. Аԥсны Аҵара аминистрра Тҟәарчал араион аҵарадырра аусбарҭа аспорттә маҭәахәқәа арҭеит. Аминистрра Абаҩрҵәыратә ааӡареи аррақәранӡатә зыҟаҵареи рыҟәша аиҳабы Иракли Ҵурҵумиа иҳәеит, уаанӡа Тҟәарчал араион аҟынтәи ацхыраараз аусбарҭахь аҳәара шыҟарҵахьаз. "Араҟа иҟоуп аԥаразы аҵәыргылақәа, аԥкьаҭмпылтә еишәақәа, ашьапылампылтә каҭақәа, анапылампылтә каҭақәа, аԥкьаҭмпылтә ракеткақәа уҳәа убас иҵегьы", — иҳәеит Ҵурҵумиа.Ҵурҵумиа иара убасгьы иазгәеиҭеит, аусбарҭа аспорттә маҭәахәқәа разымхара ауадаҩра ахьыҟоу араионқәа рҿы, аҵарадырра аусбарҭақәа ацхыраара рыҭара ишацнаҵо.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/08/0e/1064986306_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_5760c7624f9b8257b0c5e9537285b061.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио