00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:00
30 мин
08:30
30 мин
13:00
30 мин
13:30
30 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
2 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
13 мин
Такие обстоятельства
Системный подход против рака: как Ассоциация онкологов Абхазии развивает медицину
14:20
26 мин
Взаимный интерес
Ноавя жизнь набережной Сухума: российский опыт и свои креативные идеи
14:46
3 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Ихадоу атемақәа

Ихадоу атемақәа
Анапаҵаҩра
Аԥсни Урыстәылеи аинклиузивтә туризм ассоциациақәа аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит.Аусмҩаԥгатә еиҿкаан афорум "РИТМ аҵакыра — жәашықәса аԥхьагылара" аҳәаақәа ирҭагӡаны, анапхгараҭаратә ҟазарҭа "Сенеж" аҟны. Адокумент иазԥхьагәанаҭоит акыршықәсатәи аусеицура аҿиара, аибашьра аветеранцәа, АОҶ алахәылацәа, урҭ рҭаацәарақәа рлахәылацәа, хабарда ибжьаӡыз рҭаацәарақәа аус рыцура.Жәларбжьаратәи апартниор ицәырҵра аҵак ҷыда амоуп, Росмолодежь.Агрантқәа ацхыраарала инагӡахо апроект "Абхазия: Точка воZврата" аҿиаразы.
Урыстәыла иаҿагыло апровокациа еиҿыркаарц ргәы иҭоуп Латинтәи Америка мраҭашәаратәи атәылақәа ҳәа рҳәеит Урыстәыла адәныҟатәи аԥшыхәратә маҵзураҿы.Москва ахара адҵара ргәы иҭоуп Венесуела, Колумбиа, Мексика арҩашьыгатә маҭәашьарқәа реикәыршаҩцәеи ацәгьоуцәа реиҿкаарақәеи закәаншьаҭада абџьар рзынашьҭразы.Уи азы еиқәыԥхьаӡоу атәылақәа рахь иааргоит АОҶ амҩаԥгараан иааныркылаз урыстәылатәи абџьар. Уи инаваргыланы, абџьар "аҭара" афактқәа шьақәзырӷәӷәо мцыла еиқәыршәоу аудио-видеоматериалқәа разырхиара иаҿуп.Аичырчара хықәкыс иамоуп Урыстәылеи арегион атәылақәеи рконструктивтә еизыҟазаашьақәа рыҵшәаара, Мраҭашәара урыстәыла иаҿагылан имҩаԥнаго аполитика адгылара аҭара.
Урыстәылатәи атуристцәа зегь реиҳа азҿлымҳара зырҭо акәны иаанхоит Гагра араион иҳәеит урыстәылатәи атуреилахәыра аԥсуа хырхарҭа аиҳабы Сергеи Косилов, арадио Sputnik иаиҭаз аинтервиу аҿы. Иара иазгәеиҭеит, Цандрыԥшь аҳабла аҿиара ишаҿу, уаҟа идыргылоит ҳаамҭазтәи асасааирҭа ҿыцқәа.Ареспублика мрагыларатәи ахәҭа атәы ҳҳәозар — аҿиара иаҿуп. Гәылрыԥшь араион аҿы активла аргыларатә усурақәа мҩаԥысуеит, Очамчыра араион маҷ-маҷ уи амҩа иануп.Косилов дазааҭгылеит Аҟәа зыхә шәатәу аплиажқәа реиҿкаара. Иара игәаанагарала, ари аҩыза аҩаӡара Урыстәылагьы зехьынџьара иуԥылаӡом. Аҿиара иаҿуп Гәдоуҭагьы. Уаҟа аԥшаҳәа ацҵара ргәы иҭоуп.
Аԥсуа ҽааӡаҩцәа рыҽқәа Краснодар имҩаԥысуаз аҽырыҩраҿы аԥхьахәтә ҭыԥқәа ааныркылеит ҳәа аанацҳауеит Аҳәынҭспортеилакы.Беслан Аԥҳазаа иитәу Бзана Абани Таифун Абани 1 400 метра аиԥхныҩлараҿы аҩбатәии аԥшьбатәии аҭыԥқәа ааныркылеит. Асунда Ашәԥҳа илтәу аҽы Меид Ин Аԥсны 1 200 метра аиԥхныҩлараҿы аԥшьбатәи аҭыԥ ааннакылеит.
Урыстәылатәи арегионқәа рҿы аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 205 ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.Адронқәа ҭархан Астрахантәи, Бриансктәи, Воронежтәи, Калугатәи уҳәа , аобластқәа 8 рҿы.Уи адагьы, адронқәа ҭархоуп Ҟрым, Амшын еиқәеи Азовтәи амшыни рқәыԥшылараҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0