37 млн мааҭ инареиҳаны алашара ахә ршәахьеит "Амшынеиқәафымцамч" ацҵа ала
13:38 17.08.2026 (ирҿыцуп: 14:17 17.08.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
Ацҵа аусура иаладыргеит жәабранмза аҽеиҩшамҭазы, уи аахыс уа рыҽҭарҩит 13 370-ҩык абонентцәа.
АҞӘА, нанҳәа 17 — Sputnik. 37 млн мааҭ инареиҳаны алашара ахә ршәахьеит "Амшынеиқәафымцамч" ацҵа ала.
Ацҵа аусура иаладыргеит жәабранмза аҽеиҩшамҭазы, уи аахыс уа рыҽҭарҩит 13 370-ҩык абонентцәа. Урҭ 15 нызқь инареиҳаны ашәарақәа мҩаԥыргеит ҳәа рҳәеит анаплакы апресс-маҵзураҿы.
"Амшынеиқәафымцамч"ацҵа аус ауеит Аҟәа, Аҟәа араион, Гагра, Гәдоуҭа. Ҳаԥхьаҟа уи егьырҭ ақалақьқәеи араионқәеи рыларҵәара ргәы иҭоуп.
Ацҵа аҭагалара алшоит App Store-и RuStore-и рҿы. Ахархәаҩцәа рхатә кабинетқәа рҿы ианыԥшуеит ахыԥхьаӡаларақәеи, ашәарақәеи, ахархәареи рзы аинформациа зегьы, "иҟәышу" аԥхьаӡага ыҟазар.
Иаабац аԥхьаӡага ззықәыргылоу абонентцәагьы, арбагақәа рфотосахьақәа ҭыхны адыррақәа нарышьҭыр рылшоит.
"Амшынеиқәафымцамч" ацҵа алагалара акассақәа акыр аидара рықәнахит, абонентцәа раамҭа аиҷаҳара алнаршеит. Ҳара иаабоит иҵоуроу ақәҿыҭра ду, ҳмаҵзурақәа ареспублика ауааԥсыра зегьы рзы еиҳагьы ҳаамҭа иақәшәо, узықәгәыӷша, иманшәалоу акакәны иҟазарц аус адулара ҳаҿуп", — ҳәа аҳәоит атекст аҿы.