Аԥсны араионқәа рҿы амшцәгьа иахҟьаны машәырк ҟаланы иазгәаҭам
15:36 17.08.2026 (ирҿыцуп: 16:11 17.08.2026)

© Sputnik / Евгений Одиноков
Анапаҵаҩра
АҞӘА, нанҳәа 17 — Sputnik. Аԥсны араионқәа рҿы амшцәгьа иахҟьаны машәырк ҟаланы иазгәаҭам ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит АҶА аҭыԥантәи аҟәшақәа рхаҭарнакцәа.
Гал араион ахада Константин Ԥлиа иҳәеит, араион ақәоура ӷәӷәақәа ишырзыхиоу, уаанӡа аӡиасшьҭрақәа ррыцқьаразы аусурақәа шымҩаԥгаз.
Гәылрыԥшь араион АЕХә аиҳабы Артур Ичмелиан иҳәеит иахьа араион аҿы ақәа ӷәӷәаны ишлеиз, аха иҷыдоу ҭагылазаашьак азы адырра шыҟамлаз.
Аҟәа араион ахада Алхас Ҷыҭанаа иҳәеит, Синоптәи аиҩхааҿы аӡы аҩаӡара ишхалаз, ацҳа иахыҵәар ҳәа ашәарҭара шыҟоу.
Гагра, Гәдоуҭа, Очамчыра, Тҟәарчал араионқәа рҿы иахьа ақәа рацәаны илеиуамызт.