https://sputnik-abkhazia.info/20260817/1065034274.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аҟәа мҩадуқәак аӡы рхыҵәеит иҟоу ақәоура ӷәӷәақәа ирыхҟьаны ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит аҳҭнықалақь Анхарҭа-коммуналтә нхамҩа аиҳабы Руслан Аҩӡба."Синоп... 17.08.2026, Sputnik Аҧсны
2026-08-17T18:01+0300
2026-08-17T18:01+0300
2026-08-17T18:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/08/11/1065034108_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_63174b8be3dab9a6d33d356ab452a687.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аҟәа мҩадуқәак аӡы рхыҵәеит иҟоу ақәоура ӷәӷәақәа ирыхҟьаны ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит аҳҭнықалақь Анхарҭа-коммуналтә нхамҩа аиҳабы Руслан Аҩӡба."Синоп иахьаҵанакуа, Зеленаиа амҩаҿы аҭагылазаашьа зегь раасҭа ицәгьан , изыхәҭоу амаҵзурақәа зегьы ақәаршҩыцарҭақәа ррыцқьара иадԥхьалоуп аӡцара алшара аҭаразы", — ҳәа азгәеиҭеит иара.Аҩӡба иара убасгьы иазгәеиҭеит, амаҵзурақәа русура шаруадаҩуаз илеиуаз ақәаршаҩы. Аҟәа Беигәаа имҩаҿы аихамҩа аӡы ахыҵәеит ақәаршҩы ӷәӷәа иахҟьаны.Уа амҩасра уадаҩуын иҷыдоу амашьына ҳарак алагьы.
Аԥсны араионқәа рҿы амшцәгьа иахҟьаны машәырк ҟаланы иазгәаҭам ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит АҶА аҭыԥантәи аҟәшақәа рхаҭарнакцәа.Гал араион ахада Константин Ԥлиа иҳәеит, араион ақәоура ӷәӷәақәа ишырзыхиоу, уаанӡа аӡиасшьҭрақәа ррыцқьаразы аусурақәа шымҩаԥгаз.Гәылрыԥшь араион Амцарцәара -аиқәырхаратә хәҭа аиҳабы Артур Ичмелиан иҳәеит иахьа араион аҿы ақәа ӷәӷәаны ишлеиз, аха иҷыдоу ҭагылазаашьак азы адырра шыҟамлаз.
Аҟәа араион ахада Алхас Ҷыҭанаа иажәақәа рыла Синоптәи аиҩхааҿы аӡы аҩаӡарашьҭыҵи , ацҳа иахыҵәар ҳәа ашәарҭара ыҟан Гагра, Гәдоуҭа, Очамчыра, Тҟәарчал араионқәа рҿы иахьа ақәа рацәаны илеиуамызт.
Аинырреи аусеицуреи ирылацәажәеит Аԥсны апрокурор хада Адгәыр Агрбеи Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладкови.Аганқәа аусеицура ԥхьаҟатәи аҿиара ишазҿлымҳау шьақәдырӷәӷәеит, актуалра злоу азҵаарақәа хра рыманы рыӡбаразы ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара ацҵаразы еиқәшаҳаҭхеит.
37 млн мааҭ инареиҳаны алашара ахә ршәахьеит "Амшынеиқәафымцамч" ацҵа ала.Ацҵа аусура иаладыргеит жәабранмза аҽеиҩшамҭазы, уи аахыс уа рыҽҭарҩит 13 370-ҩык абонентцәа. Урҭ 15 нызқь инареиҳаны ашәарақәа мҩаԥыргеит рҳәеит анаплакы апресс-маҵзураҿы."Амшынеиқәафымцамч"ацҵа аус ауеит Аҟәа, Аҟәа араион, Гагра, Гәдоуҭа. Ҳаԥхьаҟа уи егьырҭ ақалақьқәеи араионқәеи рыларҵәара ргәы иҭоуп.Аԥсны егьырҭ араионқәа руааԥсыра ацҵа ҭаргалар рылшоит App Store-и RuStore-и рҿы. "Амшынеиқәафымцамч" ацҵа алагалара акассақәа акыр аидара рықәнахит, абонентцәа раамҭа аиҷаҳара алнаршеит аҳәоит атекст аҿы.
Хатәгәаԥхарала еибашьуаз Имш иазкыз апатриоттә акциа "Афырхацәа рымҩала" мҩаԥысит Аԥсны.Гәдоуҭа ихацыркхаз амаршрут 12-55 шықәсарҟынӡа зхыҵуа 17-ҩык ауаа алахәын ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Адунеизегьтәи аԥсуаа-абаза конгресс аусзуҩ, аныҟәара алахәыла Херсон Шәманиа.Хымштәи акциа ахәҭа хада — Дамхәырц ашьхахыҵырҭахь ахалара акәын .Агәыԥ неит 2 600 метра рҟынӡа аҳаракыраҿы иҟоу ахыҵырҭахь."Абираҟ шҭаҟақәеи агәаларшәагатә дыргақәеи ахьгылоу аҭыԥ аҟынӡа инаӡеит, Аԥсны абираҟ, адыгатәии урыстәылатәии абираҟқәа ахадыргылеит ", иҳәеит Шәманиа.
Аҟәа мҩадуқәак аӡы рхыҵәеит иҟоу ақәоура ӷәӷәақәа ирыхҟьаны ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит аҳҭнықалақь Анхарҭа-коммуналтә нхамҩа аиҳабы Руслан Аҩӡба."Синоп иахьаҵанакуа, Зеленаиа амҩаҿы аҭагылазаашьа зегь раасҭа ицәгьан , изыхәҭоу амаҵзурақәа зегьы ақәаршҩыцарҭақәа ррыцқьара иадԥхьалоуп аӡцара алшара аҭаразы", — ҳәа азгәеиҭеит иара.Аҩӡба иара убасгьы иазгәеиҭеит, амаҵзурақәа русура шаруадаҩуаз илеиуаз ақәаршаҩы. Аҟәа Беигәаа имҩаҿы аихамҩа аӡы ахыҵәеит ақәаршҩы ӷәӷәа иахҟьаны.Уа амҩасра уадаҩуын иҷыдоу амашьына ҳарак алагьы.Аԥсны араионқәа рҿы амшцәгьа иахҟьаны машәырк ҟаланы иазгәаҭам ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит АҶА аҭыԥантәи аҟәшақәа рхаҭарнакцәа.Гал араион ахада Константин Ԥлиа иҳәеит, араион ақәоура ӷәӷәақәа ишырзыхиоу, уаанӡа аӡиасшьҭрақәа ррыцқьаразы аусурақәа шымҩаԥгаз.Гәылрыԥшь араион Амцарцәара -аиқәырхаратә хәҭа аиҳабы Артур Ичмелиан иҳәеит иахьа араион аҿы ақәа ӷәӷәаны ишлеиз, аха иҷыдоу ҭагылазаашьак азы адырра шыҟамлаз.Аҟәа араион ахада Алхас Ҷыҭанаа иажәақәа рыла Синоптәи аиҩхааҿы аӡы аҩаӡарашьҭыҵи , ацҳа иахыҵәар ҳәа ашәарҭара ыҟан Гагра, Гәдоуҭа, Очамчыра, Тҟәарчал араионқәа рҿы иахьа ақәа рацәаны илеиуамызт.Аинырреи аусеицуреи ирылацәажәеит Аԥсны апрокурор хада Адгәыр Агрбеи Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладкови.Аганқәа аусеицура ԥхьаҟатәи аҿиара ишазҿлымҳау шьақәдырӷәӷәеит, актуалра злоу азҵаарақәа хра рыманы рыӡбаразы ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара ацҵаразы еиқәшаҳаҭхеит.37 млн мааҭ инареиҳаны алашара ахә ршәахьеит "Амшынеиқәафымцамч" ацҵа ала.Ацҵа аусура иаладыргеит жәабранмза аҽеиҩшамҭазы, уи аахыс уа рыҽҭарҩит 13 370-ҩык абонентцәа. Урҭ 15 нызқь инареиҳаны ашәарақәа мҩаԥыргеит рҳәеит анаплакы апресс-маҵзураҿы."Амшынеиқәафымцамч"ацҵа аус ауеит Аҟәа, Аҟәа араион, Гагра, Гәдоуҭа. Ҳаԥхьаҟа уи егьырҭ ақалақьқәеи араионқәеи рыларҵәара ргәы иҭоуп.Аԥсны егьырҭ араионқәа руааԥсыра ацҵа ҭаргалар рылшоит App Store-и RuStore-и рҿы. "Амшынеиқәафымцамч" ацҵа алагалара акассақәа акыр аидара рықәнахит, абонентцәа раамҭа аиҷаҳара алнаршеит аҳәоит атекст аҿы.Хатәгәаԥхарала еибашьуаз Имш иазкыз апатриоттә акциа "Афырхацәа рымҩала" мҩаԥысит Аԥсны.Гәдоуҭа ихацыркхаз амаршрут 12-55 шықәсарҟынӡа зхыҵуа 17-ҩык ауаа алахәын ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Адунеизегьтәи аԥсуаа-абаза конгресс аусзуҩ, аныҟәара алахәыла Херсон Шәманиа.Хымштәи акциа ахәҭа хада — Дамхәырц ашьхахыҵырҭахь ахалара акәын .Агәыԥ неит 2 600 метра рҟынӡа аҳаракыраҿы иҟоу ахыҵырҭахь."Абираҟ шҭаҟақәеи агәаларшәагатә дыргақәеи ахьгылоу аҭыԥ аҟынӡа инаӡеит, Аԥсны абираҟ, адыгатәии урыстәылатәии абираҟқәа ахадыргылеит ", иҳәеит Шәманиа.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/08/11/1065034108_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_1035e8f48966850a601b02586807bf1b.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио