Асоциалтә проектқәа рҟазарҭа "Аус бзиақәа рстратегиа" аатит Аволонтиортә центр ашьаҭала
22:17 17.08.2026 (ирҿыцуп: 23:08 17.08.2026)

© Foto / "Команда Абхазии"
Анапаҵаҩра
АҞӘА, нанҳәа 17 — Sputnik. Асоциалтә проектқәа рҟазарҭа "Аус бзиақәа рстратегиа" аатит Аԥсны Аволонтиортә центр ашьаҭала.
Аҟазарҭа — активистцәеи аволонтиортә центр анапхгареи рзы ҵарадырратә интенсивуп.
Ацентр анапхгаҩы Саманта Делԥҳа лажәақәа рыла, асеминар ҩ-етапкны имҩаԥгахоит — аволонтиорцәа алекциақәа ирзыӡырҩлоит, асоциалтә проектқәа раԥҵара рҵалоит, ацентр анапхгара ракәзар —аиҿкаара амҩатә хсаала шьақәдыргылалоит.

"Зегь реиҳа ихадоу акакәны иҟалоит аинтенсив анҵәамҭазы, анапхгареи аволонтиорцәеи ахьеиқәшәо. Аволонтиорцәа рыпроектқәа ӡырыргалоит, анапхгара урҭ ирықәшаҳаҭхоит. Ари Аԥсны аволонтиорра аҿиара иазынархоу усеицурак акәхоит", — ҳәа азгәалҭеит лара.
Аԥсны аволонтиорцәа рзы амастер-классқәа еиҿнакааит аграждантә уаажәларра аҿиара Академиа "Добрино".
Аиҿкаара рексперт Александр Медков иҳәеит, нанҳәа 17-19 рзы апроект алахәылацәа ридеиақәа асоциалтә проектқәаны ишеиқәдыршәо.
Аихшьаалақәа рыла активистцәа ироуеит агранттә зыҳәа аструктурала еиқәыршәоу, ихиоу апроектқәеи, урҭ иаарту рыхьчара аԥышәеи. Анапхгаразы илҵшәахоит аволонтиортә центр аҿиара иалкаау аплан, уи астратегиа аҳәаақәа ирҭагӡаны инагӡахар зылшо аԥшьгарақәа рсиа.
Аволонтиортә центр — "Урыстәыла — алшарақәа ртәыла", ассоциациа "Добро.РФ" рыцхыраарала "Аԥсны акоманда" инанагӡаз проектуп.