Аҟәатәи аделегациа Геленџьик Ақалақь амш азгәаҭара иаҭааит
13:09 23.08.2026 (ирҿыцуп: 13:35 23.08.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
Анапаҵаҩра
АҞӘА, нанҳәа 23 — Sputnik. Аҟәатәи аделегациа Геленџьик Ақалақь амш азгәаҭара иаҭааит.
Ақалақь-курорт 195 шықәса ахыҵит, традициала уи "амшира" азгәарҭоит нанҳәамза аԥшьбатәи асабшазы.
Аҟәа ахада ихаҭыԥуаҩ Константин Ҭарба, Геленџьик анапхгара Ҭемыр Агрба иҟынтәи адныҳәаларатә шәҟәы риҭеит ҳәа аанацҳауеит апресс-маҵзура. Иара убасгьы, аделегациа алахәылацәа дрыцны ақалақь аԥшаҳәа даҭааит.
"Аԥшаҳәа еиуеиԥшым ахәҭақәа шеиҿкаау, акоммуналтә маҵзурақәа аус шыруа, рхы иадырхәо аметодқәа ҳрыхәаԥшит. Аҟәа урыстәылатәи ақалақь-курорт аԥышәа шьҭнакаар алшоит. Геленџьик аԥшаҳәаҿы хыԥхьаӡара рацәала ауаа ыҟоуп, амаҵзурақәа зегьы еилыкка ҳәоуеиқәшәала русура алҵшәақәа убарҭоуп", — ҳәа азгәарҭоит Ҭарба.