Афестиваль "Донбасстәи аекспресс — 2026" хыркәшахеит
21:43 23.08.2026 (ирҿыцуп: 23:53 23.08.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
Анапаҵаҩра
АҞӘА, нанҳәа 23 — Sputnik. Афестиваль "Донбасстәи аекспресс — 2026" хыркәшахеит.
Аԥснынтәи ашәаҳәацәа раԥхьаӡакәны уи иалахәын. Ареспублика жәларбжьаратәи асценаҿы ицәырыргеит Гагратәи авокалист, арҵаҩы Саида Гәымԥҳаи уи лҵаҩы Алик Косиани.
Урҭ еизаку ахор ду аилазаараҿы акамертә музыка аоркестр ашәа рыцнарыгӡеит.
Саида Гәымԥҳа алахәыла идипломи ашкол-фестиваль амҩаԥгара активла дахьалахәыз азы аҳаҭыртә шәҟәи ланаршьеит.
Аџьазмен Леонид Лундстрем ишкол-фестиваль мҩаԥысуан Ҭаҭарсҭан, ақалақь Альметиевск, уи еизнагеит Урыстәылеи Аԥсни рҟынтәи 89-ҩык алахәылацәа.