https://sputnik-abkhazia.info/20260824/1065151970.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц зхадараҿы дыҟоу Аԥснытәи аделегациа Дамаск иҟоуп. Аделегациа иалоуп Аԥсны акультура аминистр Даур Ақаҩба, афинансқәа... 24.08.2026, Sputnik Аҧсны
2026-08-24T13:01+0300
2026-08-24T13:01+0300
2026-08-24T13:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/08/18/1065151804_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_4abc964d3abb153fce761b155f529a95.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц зхадараҿы дыҟоу Аԥснытәи аделегациа Дамаск иҟоуп. Аделегациа иалоуп Аԥсны акультура аминистр Даур Ақаҩба, афинансқәа рминистр Саид Гәбаз, адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәба, Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны азинмчра змоу ахаҭарнак Ибраҳим Аҩӡба ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура. Аусуратә ныҟәара аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥснытәи аделегациа Дамастәи 63-тәи жәларбжьаратәи аиармарка иалахәхоит, Шьамтәыла еишьашәалоу аусбарҭақәа рнапхгаҩцәеи, аԥсуа-адыга диаспора ахаҭарнакцәеи рԥыларақәа мҩаԥнагоит. Аганқәа аизыҟазаашьақәа рыҿиареи наҟ-ааҟтәи аинтерес змоу аусхкқәа рҿы аусеицура арҭбаареи ирылацәажәараны иҟоуп.
Аҳәынҭавтоинспекциа аусзуҩцәа апассаџьырцәа рымҩангараан ашәарҭадара анормақәа реилагаразы 35-ҩык амашьынаныҟәцаҩцәа ахараԥса рықәырҵеит. Агәаҭарақәа мҩаԥысит аӡиа Риҵахь уназго амҩадуаҿ. Азинхьчацәа амашьынаныҟәцаҩцәа рдокументқәеи, урҭ рсалонқәа апассаџьырцәа рхыԥхьаӡара аизырҳаразы напылаҟаҵарала иназыцҵоу атәарҭақәа рыҟазаареи гәарҭон. Иара убасгьы, азинхьчацәа иазгәарҭеит азин змамкәа аԥсҟы зкыз жәаҩык амашьынаныҟәцаҩцәа. Ихадоу атуристтә хырхарҭақәа рҿы ареидқәа иааиԥмырҟьаӡакәа имҩаԥгахоит ҳәа рҳәеит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрраҟны.
Ҩыџьа ахәыҷқәа ҭахеит, быжьҩык аахақәа роуит иаха украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәага аԥҽыхақәа Краснодар ахатәы хәыҷтәы центр иахьақәҳаз иахҟьаны. Даҽа ҩыџьа адуцәа ахәышәтәырҭахь инагоуп ҳәа адырра ҟаиҵеит Краснодартәи атәылаҿацә агубернатор Вениамин Кондратиев. Аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа рыԥҽыхақәа зықәҳаз ашьҭаҵарҭатә хыбрақәагьы амца ркит. Ауаа ахьынхо аҩнеихагылақәеи ҿыц зыргылара иаҿу хыбраки ааха роуит. Краснодар, иара убасгьы, ааха аиуит аилахәыра Ozon алогистикатә центр.
Афестиваль "Донбасстәи аекспресс — 2026" хыркәшахеит. Аԥснынтәи ашәаҳәацәа раԥхьаӡакәны уи иалахәын. Ареспублика жәларбжьаратәи асценаҿы ицәырыргеит Гагратәи авокалист, арҵаҩы Саида Гәымԥҳаи уи лҵаҩы Алик Косиани. Урҭ еизаку ахор ду аилазаараҿы акамертә музыка аоркестр ашәа рыцнарыгӡеит. Саида Гәымԥҳа алахәыла идипломи ашкол-фестиваль амҩаԥгара активла дахьалахәыз азы аҳаҭыртә шәҟәи ланаршьеит.
Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц зхадараҿы дыҟоу Аԥснытәи аделегациа Дамаск иҟоуп. Аделегациа иалоуп Аԥсны акультура аминистр Даур Ақаҩба, афинансқәа рминистр Саид Гәбаз, адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәба, Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны азинмчра змоу ахаҭарнак Ибраҳим Аҩӡба ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура. Аусуратә ныҟәара аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥснытәи аделегациа Дамастәи 63-тәи жәларбжьаратәи аиармарка иалахәхоит, Шьамтәыла еишьашәалоу аусбарҭақәа рнапхгаҩцәеи, аԥсуа-адыга диаспора ахаҭарнакцәеи рԥыларақәа мҩаԥнагоит. Аганқәа аизыҟазаашьақәа рыҿиареи наҟ-ааҟтәи аинтерес змоу аусхкқәа рҿы аусеицура арҭбаареи ирылацәажәараны иҟоуп. Аҳәынҭавтоинспекциа аусзуҩцәа апассаџьырцәа рымҩангараан ашәарҭадара анормақәа реилагаразы 35-ҩык амашьынаныҟәцаҩцәа ахараԥса рықәырҵеит. Агәаҭарақәа мҩаԥысит аӡиа Риҵахь уназго амҩадуаҿ. Азинхьчацәа амашьынаныҟәцаҩцәа рдокументқәеи, урҭ рсалонқәа апассаџьырцәа рхыԥхьаӡара аизырҳаразы напылаҟаҵарала иназыцҵоу атәарҭақәа рыҟазаареи гәарҭон. Иара убасгьы, азинхьчацәа иазгәарҭеит азин змамкәа аԥсҟы зкыз жәаҩык амашьынаныҟәцаҩцәа. Ихадоу атуристтә хырхарҭақәа рҿы ареидқәа иааиԥмырҟьаӡакәа имҩаԥгахоит ҳәа рҳәеит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрраҟны.Ҩыџьа ахәыҷқәа ҭахеит, быжьҩык аахақәа роуит иаха украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәага аԥҽыхақәа Краснодар ахатәы хәыҷтәы центр иахьақәҳаз иахҟьаны. Даҽа ҩыџьа адуцәа ахәышәтәырҭахь инагоуп ҳәа адырра ҟаиҵеит Краснодартәи атәылаҿацә агубернатор Вениамин Кондратиев. Аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа рыԥҽыхақәа зықәҳаз ашьҭаҵарҭатә хыбрақәагьы амца ркит. Ауаа ахьынхо аҩнеихагылақәеи ҿыц зыргылара иаҿу хыбраки ааха роуит. Краснодар, иара убасгьы, ааха аиуит аилахәыра Ozon алогистикатә центр. Афестиваль "Донбасстәи аекспресс — 2026" хыркәшахеит. Аԥснынтәи ашәаҳәацәа раԥхьаӡакәны уи иалахәын. Ареспублика жәларбжьаратәи асценаҿы ицәырыргеит Гагратәи авокалист, арҵаҩы Саида Гәымԥҳаи уи лҵаҩы Алик Косиани. Урҭ еизаку ахор ду аилазаараҿы акамертә музыка аоркестр ашәа рыцнарыгӡеит. Саида Гәымԥҳа алахәыла идипломи ашкол-фестиваль амҩаԥгара активла дахьалахәыз азы аҳаҭыртә шәҟәи ланаршьеит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/08/18/1065151804_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_8d2f8c9a294b970e6c1b45808be15f19.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио