00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:36
10 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
13:58
1 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
13 мин
Актуальный комментарий
Второе дыхание парка Смецкого: как возрождают историческое наследие Абхазии
14:46
25 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Ихадоу атемақәа

Ихадоу атемақәа
Анапаҵаҩра
Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц зхадараҿы дыҟоу Аԥснытәи аделегациа Дамаск иҟоуп. Аделегациа иалоуп Аԥсны акультура аминистр Даур Ақаҩба, афинансқәа рминистр Саид Гәбаз, адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәба, Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны азинмчра змоу ахаҭарнак Ибраҳим Аҩӡба ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура. Аусуратә ныҟәара аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥснытәи аделегациа Дамастәи 63-тәи жәларбжьаратәи аиармарка иалахәхоит, Шьамтәыла еишьашәалоу аусбарҭақәа рнапхгаҩцәеи, аԥсуа-адыга диаспора ахаҭарнакцәеи рԥыларақәа мҩаԥнагоит. Аганқәа аизыҟазаашьақәа рыҿиареи наҟ-ааҟтәи аинтерес змоу аусхкқәа рҿы аусеицура арҭбаареи ирылацәажәараны иҟоуп.
Аҳәынҭавтоинспекциа аусзуҩцәа апассаџьырцәа рымҩангараан ашәарҭадара анормақәа реилагаразы 35-ҩык амашьынаныҟәцаҩцәа ахараԥса рықәырҵеит. Агәаҭарақәа мҩаԥысит аӡиа Риҵахь уназго амҩадуаҿ. Азинхьчацәа амашьынаныҟәцаҩцәа рдокументқәеи, урҭ рсалонқәа апассаџьырцәа рхыԥхьаӡара аизырҳаразы напылаҟаҵарала иназыцҵоу атәарҭақәа рыҟазаареи гәарҭон. Иара убасгьы, азинхьчацәа иазгәарҭеит азин змамкәа аԥсҟы зкыз жәаҩык амашьынаныҟәцаҩцәа. Ихадоу атуристтә хырхарҭақәа рҿы ареидқәа иааиԥмырҟьаӡакәа имҩаԥгахоит ҳәа рҳәеит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрраҟны.
Ҩыџьа ахәыҷқәа ҭахеит, быжьҩык аахақәа роуит иаха украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәага аԥҽыхақәа Краснодар ахатәы хәыҷтәы центр иахьақәҳаз иахҟьаны. Даҽа ҩыџьа адуцәа ахәышәтәырҭахь инагоуп ҳәа адырра ҟаиҵеит Краснодартәи атәылаҿацә агубернатор Вениамин Кондратиев. Аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа рыԥҽыхақәа зықәҳаз ашьҭаҵарҭатә хыбрақәагьы амца ркит. Ауаа ахьынхо аҩнеихагылақәеи ҿыц зыргылара иаҿу хыбраки ааха роуит. Краснодар, иара убасгьы, ааха аиуит аилахәыра Ozon алогистикатә центр.
Афестиваль "Донбасстәи аекспресс — 2026" хыркәшахеит. Аԥснынтәи ашәаҳәацәа раԥхьаӡакәны уи иалахәын. Ареспублика жәларбжьаратәи асценаҿы ицәырыргеит Гагратәи авокалист, арҵаҩы Саида Гәымԥҳаи уи лҵаҩы Алик Косиани. Урҭ еизаку ахор ду аилазаараҿы акамертә музыка аоркестр ашәа рыцнарыгӡеит. Саида Гәымԥҳа алахәыла идипломи ашкол-фестиваль амҩаԥгара активла дахьалахәыз азы аҳаҭыртә шәҟәи ланаршьеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0