Асоциалтә аԥшьгарақәа рыҿиара иалацәажәеит АП Виачеслав Гладкови далархәны
15:50 24.08.2026 (ирҿыцуп: 16:09 24.08.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
Анапаҵаҩра
АҞӘА, нанҳәа 24 — Sputnik. Асоциалтә аԥшьгарақәа рыҿиареи Аԥсни Урыстәылеи руаажәларратә еиҿкаарақәа рыбжьара аԥышәа аимдареи иалацәажәеит ареспублика Ауаажәларратә палатаҿы Виачеслав Гладкови далархәны.
Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ иазгәеиҭеит, Урыстәыла, Аԥсны аҭагылазаашьақәа ҳасаб азуны, атәыла арегионқәа рҿы ахархәара змоу аԥышәа амадара ҳәа аанацҳаит "Аԥсныпресс".
Ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу аус лыцура аҳәаақәа ирҭагӡаны, Очамчыреи Гали араионқәа рҟынтәи Икоммерциатәым аиҿкаарақәа ҩба рнапхгаҩцәа Урыстәыла иаҭаахьеит, уаҟа иҭырҵаахьеит апсихикатә еилагарақәеи онкологиатә чымазарақәеи змоу ахәыҷқәа аус рыдуларазы аԥышәа.
Аныҟәара аихшьаалақәа рыла Очамчыреи Гали араионқәа рҿы агәаҭаратә проектқәа ҩба аусура раларгара азԥхьагәаҭоуп. Аԥхьаҟа урҭ рԥышәа ареспублика егьырҭ аиҿкаарақәа ирылаҵәар алшоит иҳәеит Гладков.
Ацҳаражәҳәаҩ, иара убасгьы, аусеицураҿы аҳәынҭқарратәи амуниципалтәи маҵзураҿы ихатә ԥышәа ахархәара дшазыхиоу азгәеиҭеит.