Журавски: Афестиваль "Музыка Гордых" Аԥсни Урыстәылеи ркультуратә еимадара иалҵшәоуп
16:26 24.08.2026 (ирҿыцуп: 23:47 24.08.2026)

© Sputnik / Леон Адлейба
Анапаҵаҩра
АҞӘА, нанҳәа 24 — Sputnik. Аԥсны имҩаԥысуа жәларбжьаратәи афестиваль "Музыка Гордых" агала-концерт аицлабратә марафон ду аихшьаала ҟанаҵоит ҳәа азгәеиҭеит Sputnik имҩаԥысуаз апресс-конференциаҟны ауаажәларратә проектқәа рзы Урыстәыла ахада иусбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Александр Журавски.
Сынтәа аицлабра раԥхьаӡакәны жәларбжьаратәи аформат ала еиҿкаауп, уи алахәхаразы Урыстәыла 250 қалақь рҟынтәи 2048 инареиҳаны азыҳәақәеи Аԥснынтәи 58 зыҳәеи инашьҭын.
Аексперттә хеилак иалнахит 100 рҟынӡа усумҭа, анаҩс ажиури ишьақәдыргылеит аноминациақәа рыбыжьбагьы рҟынтәи иреиӷьу хҩык-хҩык алахәылацәа.

Аиааира згаз арадиостанциа "Гордость" аиҭныԥсахлара иақәшәоит, иара убасгьы, нанҳәа 26 рзы Аҟәа имҩаԥысуа афестиваль аҟны "Лиубе", BearWolf, AY YOLA, Сулҭан Лагучев, BLIZKEY уҳәа еицырдыруа артистцәа ирыцықәгылоит.
Журавски иазгәеиҭеит, ахедлаинерцәа рыдагьы аконцерт ишалахәхо аицлабрахь азыҳәақәа алазҵаз, афинал ахь инеиз артистцәа.
"Ари аноминациақәа быжьба рҟынтәи хҩык афиналистцәа арадио "Гордость" аҿы рыбжьы раҳарц, дара рзы иҿыцу аудиториа ду ахь инеирц азы лшароуп. Уи адагьы, зыбжьы раҳахьаз аха хаҭала ирымбацыз еицырдыруа ашәаҳәаҩцәа сценак аҿы ашәа рыцҳәаразгьы аҭагылазаашьа ҟалоит", — иҳәеит иара.
Жәларбжьаратәи афестиваль "Музыка гордых" аиҿкааҩ — Николаи Расторгуев ифонд, апроект адгылара анаҭоит акультуратә аԥшьгарақәа рзы ахада Ифонд.