Аԥсны АҶА Ԥсҳәы аиқәырхаҩцәа реиқәыршәара арӷәӷәоит
20:36 24.08.2026 (ирҿыцуп: 23:16 24.08.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
Анапаҵаҩра
АҞӘА, нанҳәа 24 — Sputnik. Аԥсны АҶА Ԥсҳәы аиқәырхаҩцәа реиқәыршәара арӷәӷәоит.
Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистр Алиас Аҩӡба ашьхаҳаракыратә қыҭахь усутә ныҟәарала дцеит, уаҟа АҶА амцарцәара-еиқәырхаратә ҭыԥ хаҭалатәи аилазаара дырԥылеит.
Аусбарҭа аиҳабы аиқәырхаҩцәа русура аҭагылазаашьеи техникала реиқәыршәареи гәеиҭеит ҳәа аанацҳуеит аминистрра апресс-маҵзура.
Аҩӡба иажәақәа рыла, аиқәырхаҩцәа ирҭахуп зымҩасра ӷәӷәоу автомашьынеи асықәныҟәагеи. Ԥсҳәы ақыҭан шықәсык ахь хәымз инарзынаԥшуа асы шьҭахоит.
Аԥхын аиқәырхаҩцәа русура иацлоит атуристцәеи ашьаҟауаа ргәыԥқәеи рхыԥхьаӡара ахьеизҳауа азы. Аамҭа-аамҭала урҭ ирӡызи ааха заузи ирыцхраалар акәхоит ҳәа ацырҵеит аусбарҭаҿы.
Иара убасгьы, аиԥылараҿ АҶА абаза аҭагылазаашьа иалацәажәеит. 200 ԥшьыркца рҟынӡа зҵазкуа ҩ-еихагылак змоу амҿтәы хыбра, аиқәырхаҩцәа рхала идыргылеит. Уажәы аԥенџьырқәеи ашәқәеи ықәыргылатәуп, ахыбра рԥхагала аиқәыршәареи, егьырҭ аусурақәеи мҩаԥгатәуп.
Аиԥылара аихшьаалақәа рыла зегь раԥхьа иргылатәу ауснагӡатәқәа алкаауп.