Аминистрцәа реилазаара 2027 шықәсазы Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара шьақәнарӷәӷәеит
12:02 25.08.2026 (ирҿыцуп: 12:11 25.08.2026)

© Sputnik / Марианна Кубрава
Анапаҵаҩра
Аусшәҟәы шьақәыргылан 2025 шықәсазтәи арбагақәеи, ҳазҭоу ашықәс раԥхьатәи фымз рыҩнуҵҟа заанаҵтәи алҵшәақәеи ҳасаб рзуны.
АҞӘА, нанҳәа 25 — Sputnik. Аминистрцәа реилазаара 2027 шықәсазы Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара азԥхьагәаҭа шьақәнарӷәӷәеит.
Аусшәҟәы шьақәыргылан 2025 шықәсазтәи арбагақәеи, ҳазҭоу ашықәс раԥхьатәи фымз рыҩнуҵҟа заанаҵтәи алҵшәақәеи ҳасаб рзуны, иара иазԥхьагәанаҭоит аҿиара адинамика бзиа аиқәырхара ҳәа иҳәеит аекономика аминистр Ҭеимураз Амқәаб Аминистрцәа реилазаара аилатәараҿы.

Иазԥхьагәаҭоуп, 2027 шықәсазы атауарқәеи амаҵзурақәеи еизаку рҭыжьра 246 млрд мааҭ артәоит ҳәа, уи 2025 шықәсазтәи арбагақәа раасҭа ԥшьыџьара еиҳауп.
Аекономика аусхкқәа зегьы рҿы еизаку ахашәала 10,2 млрд мааҭ рҟынӡа инаӡоит ҳәа азԥхьагәаҭоуп, уи ҵыԥх аасҭа 27% рыла еиҳауп.
Иара убасгьы, атәылаҿы аусурҭа змоу рхыԥхьаӡара 52 нызқьҩык рҟынӡа ихалоит ҳәа агәаанагра ыҟоуп, 2025 шықәсазы – 43,3 нызқьҩык ыҟан.