Аминистрцәа реилазаара ахәыҷқәа ааӡара ргара азин ҟазымҵо ачымазарақәа рсиа шьақәнаргылеит
14:28 25.08.2026 (ирҿыцуп: 15:02 25.08.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, нанҳәа 25 — Sputnik. Аминистрцәа реилазаара ишьақәнарӷәӷәеит ахәыҷқәа ааӡара ргара, ма рхылаԥшра ргара азин ҟазымҵо ачымазарақәа рсиа.
Апроект хықәкыс иамоуп аиаҭымцәеи, иҭаацәадоу, хылаԥшрада иаанхаз ахәыҷқәеи рзинқәа ршәарҭадареи рыхьчареи ҳәа лҳәеит асоциалтә еиқәыршәара аминистр Кама Аӡынԥҳа.
Асиа иалагалоуп акритериақәа фба:
Апроект хықәкыс иамоуп аиаҭымцәеи, иҭаацәадоу, хылаԥшрада иаанхаз ахәыҷқәеи рзинқәа ршәарҭадареи рыхьчареи ҳәа лҳәеит асоциалтә еиқәыршәара аминистр Кама Аӡынԥҳа.
Асиа иалагалоуп акритериақәа фба:
I, II агәыԥ иаҵанакуа аимҳәаду;
аремиссиа инадҳәаланы адиспансертә хылаԥшра аанкылахаанӡа
аҿкчымазарақәа, ВИЧ змоу ауаа рзы иҷыдоу акритериақәа;
зхаҭашьа бааԥсу ачырақәа III, IV рыстадиақәа, иара убас арадикалтә хәышәтәра мҩаԥгахаанӡа зхаҭашьа бааԥсу ачырақәа I, II рыстадиақәа;
апсихикатә шьақәҟьарақәеи ахымҩаԥгашьа еилагарақәеи;
арыжәтә, ма арҩашьыгатә маҭәашьарқәа рчычара;
I агәыԥ иаҵанакуа аинвалидра.
Аԥҟарақәа ирыҵаркуеит ареспубликатә кризистә центр "Аҭаацәаратә ҟазшьа змоу аҩны" аҿы аус зуа ааӡаҩцәа.
Ҩымз рыҩнуҵҟа атәылауаа рмедицинатә гәаҭара аԥҟарақәа шьақәнарӷәӷәоит Агәабзиарахьчара аминистрра.
Ҩымз рыҩнуҵҟа атәылауаа рмедицинатә гәаҭара аԥҟарақәа шьақәнарӷәӷәоит Агәабзиарахьчара аминистрра.
