00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
13:58
1 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Ихадоу атемақәа

Ихадоу атемақәа
Анапаҵаҩра
Аԥсны атәанчахәы зауа аиҭашәҟәҭаҩра иахысуеит 2026 шықәса цәыббра 1 инаркны ԥхынҷкәын 1 аҟынӡа. Абри азы ақәҵара шьақәнарӷәӷәеит ареспублика Аминистрцәа реилазаара. Аиҭашәҟәҭаҩра хымԥадатәиуп атәанчаҩцәа рхыԥхьаӡараҵәҟьа аилкаареи, ашәарақәа шҵабыргу агәаҭареи, ҩынтәны атәанчахәытә еиқәыршәара афактқәа рыҟамзаареи рзы. Аус анагӡара рыдуп асоциалтә еиқәыршәара араионтә ҟәшақәеи Аҟәа ақалақь ахадара аԥхьаӡаратә центри ҳәа лҳәеит Аминистрцәа реилазаара аилатәараҿы асоциалтә еиқәыршәара аминистр Кама Аӡынԥҳа. **Аԥсны Аминистрцәа реилазаара ақәшаҳаҭхеит Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилаки Урыстәыла Афедералтә ҳазалхратә еилаки рыбжьара аиҿцәажәарақәа рымҩаԥгареи, аҳазалхратә хылаԥшра алҵшәақәа електронтә ҟазшьала ала наҟ-ааҟ разхаҵаразы аԥкаанҵа анапаҵаҩреи. Агәаҭарақәа рзы адыррақәа ихьчоу аканал ала аганқәа ирыҭахоит, уи азы иахәҭоу амаругақәа аархәахьеит ҳәа иҳәеит Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы аиҳабы Оҭар Хьециа. "Уи иалнаршоит аԥсуа-аурыс ҳәынҭқарратә ҳәаа ахысра аамҭа аркьаҿра, аушьҭырҭатә ҭыԥқәа ирықәу аидара аларҟәра, еиҳарак ихадоуп акурорттә сезон аамҭеи ацитрустә аалыҵ алгареи раан", — иҳәеит иара.
Аԥсны азы акадрқәа разыҟаҵара иалацәажәеит Аԥсны ахада Бадра Гәынбеи РГСУ аректор Андреи Хазини. Ҳазин 2008 шықәса рзы Афедерациа Ахеилак далахәын, иара Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵаразы зыбжьы зҭиуаз асенаторцәа дреиуан. Гәынба иазгәеиҭеит, иуадаҩыз ашықәсқәа инадыркны асуверентә ҳәынҭқарра ашьақәгыларазы Аԥсны жәлар ралхра иадгылаз, ауаа ҷыдала ишырзыҟоу атәылаҿы, уи азы Ҳазин ҭабуп ҳәа иеиҳәеит.
Гәдоуҭа араион Џьырхәа ақыҭан атрансформаторқәа хԥа ықәдыргылоит. Ақыҭа ауааԥсыра изныкымкәа алашара амчхаралаҟә иахашшаауан ҳәа иҳәеит "Амшынеиқәафымцамч" аҭыԥантәи афилиал анџьныр хада Денис Ажьиба. Иара убасгьы, афымцалашара ахаҭабзиара аиӷьтәразы, аспециалистцәа иажәхьоу амҿтәы шьаҟақәа бетонтә шьаҟақәеи афымцацәаҳәақәеи рыԥсахуеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0