Ацәыргақәҵа "Азхаҵарахьы амҩа: акадрқәа рҿы аҭоурых" аатит Аҟәа ацәыргақәҵатә зал хадаҿы
20:35 25.08.2026 (ирҿыцуп: 22:04 25.08.2026)

© Foto / Посольство России в Абхазии
Анапаҵаҩра
Ацәыргақәҵа Урыстәыла Аԥсны ахьыԥшымра азханаҵеижьҭеи 18 шықәса аҵра иазкуп
АҞӘА, нанҳәа 25 — Sputnik. Ацәыргақәҵа "Азхаҵарахьы амҩа: акадрқәа рҿы аҭоурых" аатит Аҟәа ацәыргақәҵатә зал хадаҿы.
Уи Урыстәыла Аԥсны ахьыԥшымра азханаҵеижьҭеи 18 шықәса аҵра иазкуп.
Уи Урыстәыла Аԥсны ахьыԥшымра азханаҵеижьҭеи 18 шықәса аҵра иазкуп.
Ацәыргақәҵа аартра иаҭааит Аԥсны аԥыза-министр Владимир Делба, Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладков, Урыстәылатәи Афедерациа ахәаахәҭратә хаҭарнак Залина Кобесова, ауаажәларра рхаҭарнакцәа, акультура аусзуҩцәа.
Аекспозициа иалалеит урыстәылатәии аахыҵ-уаԥстәылатәии аинформациатә маҵзурақәа рҭыхымҭақәа, иара убас, аԥсуа фотоҭыхҩы Ибрагим Ҷкадуа иусумҭақәа. Аҭаара алшара ыҟоуп нанҳәамза нҵәаанӡа.
Ацәыргақәҵа аиҿкааҩ — Аҟәа иҟоу Москва Аҩны, Москва Аиҳабыра, ақалақь адәныҟаекономикатәии жәларбжьаратәии аимадарақәа Рдепартамент, ҳџьынџьуаҩ Москватәи иҟоу аџьынџьуаа рыҩны рыцхыраарала.