Аԥснытәи аделегациа Новосибирск имҩаԥысуа афорум "Технопром‑2026" иалахәуп
14:20 26.08.2026 (ирҿыцуп: 14:49 26.08.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
Анапаҵаҩра
АҞӘА, нанҳәа 26 — Sputnik. Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба зхадараҿы дыҟоу аԥснытәи аделегациа Новосибирск имҩаԥысуаз афорум "Технопром‑2026" иалахәуп ҳәа аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара апресс-маҵзура.
Агубернатор Андреи Травников аҳәаанырцәтәи асасцәа бзиала шәаабеит ҳәа реиҳәеит, иазгәеиҭеит арегион аҿиаразы жәларбжьаратәи аимадарақәа аҵак ду шрымоу.
Афорум аҿы иӡырган Новосибирсктәи аобласт аекономикатәи атехнологиатәи лшарақәа, IT, аҵарадырра, аҭҵаарадырратә ҭҵаарақәа русхк аҟны аихьӡарақәа, аусеицуреи аԥышәа аимдареи рзы алшарақәа ирылацәажәеит.
Аԥснытәи аделегациа жәларбжьаратәи ацәыргақәҵатә комплекс "Новосибирсктәи Аекспоцентр" иаҭааит.
Аԥсни Новосибирсктәи аобласти русеицура арҭбаара ҳазҿлымҳауп ҳәа азгәеиҭеит Нанба. Ас еиԥш аусмҩаԥгатәқәа рылахәхара ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа ахырхарҭа ҿыцқәа рзаанартуеит, еиуеиԥшым атәылақәа рҟынтәи ишиашоу аимадарақәа ҳабжьаҵара алнаршоит.
Афорум хымш имҩаԥыслоит, атема — "Урыстәылатәи аҭҵаарадырра атехнологиатә ԥхьагылара шьаҭас иамоуп". Иара еиднакылеит 70 инареиҳаны Урыстәыла арегионқәа рхаҭарнакцәеи, Аԥсни, Беларуссиеи, Китаии, Ҟазахсҭани, Африкатәи атәылақәеи рҟынтәи асасцәеи.