Бадра Гәынбеи Сергеи Кириенкои Ахьӡ-аԥша апарк аҿы ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит
16:20 26.08.2026 (ирҿыцуп: 17:25 26.08.2026)

© Sputnik Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, нанҳәа 26 — Sputnik. Бадра Гәынбеи Сергеи Кириенкои Ахьӡ-аԥша апарк аҿы ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит.
Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ усутә ныҟәарала Аԥсныҟа дааит ареспублика ахьыԥшымра азхаҵара амш аҽны.
Иара убас ашәҭқәа шьҭарҵеит Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәааи Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладкови.
Нанҳәамза 26 2008 шықәса рзы Урыстәыла Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра азханаҵеит. Азхаҵаразы аусԥҟа инапы аҵеиҩит усҟан аҳәынҭқарра ахадас иҟаз Дмитри Медведев.
Цәыббрамза 17 2008 шықәса рзы Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аиҩызареи, аусеицуреи, аицхыраареи рзы Аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩын.