Аԥсны абжьаҟазаратә мчқәа рус анагӡараан иҭахаз урыстәылатәи аруаа ргәаладыршәеит Аҟәа
16:38 26.08.2026 (ирҿыцуп: 18:42 26.08.2026)

© Foto / Посольство России в Абхазии
Анапаҵаҩра
АҞӘА, нанҳәа 26 — Sputnik. Аԥсны абжьаҟазаратә мчқәа рус анагӡараан иҭахаз урыстәылатәи аруаа ргәаладыршәеит Аҟәа.
Ацеремониа иалахәын атәыла ахада Бадра Гәынба, ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко, аԥыза-министр Владимир Делба, урыстәылатәи ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладков, Башкортосҭан аԥыза-министр Андреи Назаров, Аҟәа ахада Ҭемыр Агрба.
Абжьаҟазаратә мчқәа Аԥсны рус анагӡара иалагеит рашәара 21 1994 шықәсазы "Аибашьра аанкылареи амчқәа реиҟәыҭхареи рзы" Москватәи Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны. Ари аамҭа иалагӡаны иҭахеит 117-ҩык урыстәылатәи аруаа. Урыстәыла Аԥсны ахьыԥшымра аназханаҵа ашьҭахь абжьаҟазаратә мчқәа рус хыркәшахеит.
Аԥсны абжьаҟазаратә мчқәа рус анагӡараан иҭахаз урыстәылатәи аруаа рбаҟа аадыртит Аҟәа аԥшаҳәаҿы 2017 шықәса ԥхынҷкәынмзазы.