Аԥсуа-аурыс проектқәа реицынагӡара иалацәажәеит Бадра Гәынбеи Сергеи Кириенкои
17:10 26.08.2026 (ирҿыцуп: 17:32 26.08.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
Анапаҵаҩра
АҞӘА, нанҳәа 26 — Sputnik. Аԥсуа-аурыс проектқәа реицынагӡара иалацәажәеит Бадра Гәынбеи Сергеи Кириенкои.
Дара аинфраструктура, асоциалтәи аекономикатәи усхкқәа рыҿиара, ҭагалан аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡара реизырҳара, Аԥсны атранспорттә ҿиара азҵаарақәа ирзааҭгылеит.
Аиԥылараҿы хазы ахшыҩзышьҭра арҭеит ақалақьтә ҵакырақәа ԥхьаҟатәи реиқәыршәазаара, анаплакра адгылара апрограммақәа, акадртә еицлабрақәа.
Бадра Гәынбеи Сергеи Кириенкои ҩ-ганктәи аимадарақәа рырӷәӷәаразы аусура ацҵара ишазхиоу шьақәдырӷәӷәеит ҳәа аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.