Жәларбжьаратәи афестивали аицлабреи "Музыка гордых" аконцерт иалагеит Ахақәиҭра ашҭаҿы
19:35 26.08.2026 (ирҿыцуп: 21:40 26.08.2026)

© Foto / "Музыка Гордых"
Анапаҵаҩра
АҞӘА, нанҳәа 26 — Sputnik. Жәларбжьаратәи афестивали аицлабреи "Музыка гордых" аконцерт иалагеит Ахақәиҭра ашҭаҿы.
Асценаҿы иқәгылоит Николаи Расторгуеви игәыԥ "Любэ", Ay Yola, Bearwolf, Сулҭан Лагучев, Хьыбла Мықәба, Викториа Ԥерцхьелиа, Авто Конџьариа, Валери Писаренко, Lepnina уҳәа Урыстәылеи Аԥсни рартистцәа.
Апроект аиҿкааҩ — Николаи Расторгуев ифонд, адгылара анаҭоит акультуратә аԥшьгарақәа рзы ахада ифонд.
Сынтәа аицлабра раԥхьаӡакәны жәларбжьаратәи аформат ала еиҿкаауп, уи алахәхаразы Урыстәыла 250 қалақь рҟынтәи 2048 инареиҳаны азыҳәақәеи Аԥснынтәи 58 зыҳәеи инашьҭын.
Аусмҩаԥгатә аҳәаақәа ирҭагӡаны ирыларҳәоит аицлабраҿы аиааира згаз быжьҩык рыхьӡқәа.