Гәынба Урыстәыла Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара — аҵакы змоу хҭысуп ҳәа ахиҳәааит
20:00 26.08.2026 (ирҿыцуп: 21:45 26.08.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, нанҳәа 26 — Sputnik. Урыстәыла Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара — атәыла ҳаамҭазтәи аҭоурых аҿы зегь раасҭа аҵакы змоу хҭысуп, 1992-1993 шықәсқәа рызтәи аибашьраҿы игаз Аиааира ашьҭахь ҳәа азгәеиҭеит Бадра Гәынба.
"Ҳара иаҳгәалашәоит ҳҭоурых аҿы иуадаҩӡаз аамҭақәа руак азы Урыстәыла Аԥсны ианаҭаз адгылара. Ҷыдала, ахә ҳаракны иаҳшьоит 2008 шықәса нанҳәамзазы Аԥсны азы ари алахьынҵа змоу аӡбамҭа здызкылаз Урыстәылатәи Афедерациа ахада Дмитри Анатоли-иԥа Медведев иааирԥшыз аҭоурыхтә ҭакԥхықәра. Иахьа ари адгылара ԥсахрада иаанхоит", — иҳәеит Гәынба, афестиваль "Музыка гордых" аартраан данықәгылоз.
Гәынба иазгәеиҭеит Урыстәыла ахада Владимир Путин Аԥсны аизыҟазаашьақәа ҷыдала ахшыҩзышьҭра шриҭо, уи ашәарҭадара аиҿкаара, ахьыԥшымра арӷәӷәара, аекономикеи асоциалтә усхки рыҿиара ишацхраауа, жәларбжьаратәи аҩаӡараҿы адгылара шыҟаиҵо.
Иара иажәақәа рыла, Аԥсны алшара аиуит ихьыԥшым ҳәынҭқаррак аҳасабала ҭынч аҿиара, ахала ахатә мҩа аҳәаақәҵара.
"Иахьа ҳара еилаҳкаауеит ари алшара ахә — иаҳзынхаз ахьыԥшымреи аҳәынҭқарреи ҳахьчалароуп. Уи ҳара ҳзин адагьы, Аԥсны ахақәиҭразы зхы ақәызҵаз рҿаԥхьа, ԥхьаҟатәи абиԥарақәа рҿаԥхьа ҳҭакԥхықәра ауп", — иҳәеит иара.