Аԥсны ажурналистцәа реидгыла афорум "Урыстәыла зегьы — 2026" иалахәуп
19:55 26.08.2026 (ирҿыцуп: 21:44 26.08.2026)

© Sputnik / Марианна Кубрава
Анапаҵаҩра
АҞӘА, нанҳәа 26 — Sputnik. Аԥсны ажурналистцәа реидгыла ҳаамҭазтәи ажурналистика 30-тәи аиубилеитә форум "Урыстәыла зегьы — 2026" иалахәуп.
Ауснагӡатә мҩаԥысуеит Шәача нанҳәа 25-31 рзы. Уи еиднакылеит Урыстәыла, Аԥсны, Беларуссиа, Китаи, КЖәР арегионқәа зегьы рҟынтәи зықьҩык инареиҳаны алахәылацәа иҳәеит Аԥсны ажурналистцәа реидгыла ахада Руслан Ҳашыг.
Урыстәыла ажурналистцәа реидгыла ахада Владимир Соловиов апленартә еилатәараҿы данықәгылоз, ареспублика ахаҭарнакцәеи аԥсуа журналистцәеи Аԥсны жәларбжьаратәи азхаҵара амш рыдиныҳәалеит.
Афорум алахәылацәа азанааҭтә проблемақәеи урҭ рыӡбаразы иԥшаатәу амҩақәеи ирылацәажәараны иҟоуп, рԥышәа еимырдоит, аусуратә маруга ҿыцқәа еибырҳәоит, амедиаҿы иҟоу атрендқәа шьақәдыргылоит.