Урыстәылатәи арегионқәа рҿы аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 267 ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
09:15 27.08.2026 (ирҿыцуп: 09:26 27.08.2026)
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи арегионқәа рҿы аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 267 ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Адронқәа ҭархан Белгородтәи, Бриансктәи, Курсктәи, Волгоградтәи, Воронежтәи, Липецктәи, Новгородтәи, Ростовтәи, Самаратәи, Саратовтәи, Улиановтәи аобластқәа рҿы.
Уи адагьы, адронқәа ҭархоуп Краснодартәи атәылаҿацә, Ҟрым, Башкортосҭан, Амшын еиқәеи Азовтәи амшыни рқәыԥшылараҿы.