Аҟәатәи абжьаратә школ №1 амедицинатә класс ахь ашәҟәқәа рыдкылара иалагеит
14:32 27.08.2026 (ирҿыцуп: 17:40 27.08.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, нанҳәа 27 — Sputnik. Баграт Шьынқәба ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратә школ №1 амедицинатә класс ахь ашәҟәқәа рыдкылара иалагеит.
Арзаҳалқәа рыдыркылоит Аҵара аминистрраҟны, урҭ нарышьҭыр рылшоит зԥеиԥш амедицина адҳәалара згәы иҭоу Аԥсны еиуеиԥшым ашколқәа, 10-тәи аклассқәа рҵаҩцәа. Акандидатцәа ахыԥхьаӡалахоит аиҿцәажәара алҵшәақәа рыла.
Апрофильтә 10-11-тәи аклассқәа рҿы аҵара аҵаҩцәа апрофильтә дисциплинақәа инарҵауланы рыҭҵаареи ԥхьаҟатәи азанааҭтә ҵара заанаҵы аҽазыҟаҵареи алдыршоит.
Апроект нарыгӡоит Аҵара аминистрра ацхыраарала.
Амедицинатә класс раԥхьаӡакәны иаадыртит Баграт Шьынқәба ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратә школ №1 аҟны цәыббра 1 2025 шықәсазы. Уаҟа аҵара рҵоит аиҿцәажәара алҵшәақәа рыла ирыдыркылаз Аԥсны еиуеиԥшым ашколқәа рҟынтәи 10-ҩык аҵаҩцәа. Аҵара апрограмма ҵаулоуп, ихадоу амаҭәарқәа — ахимиеи абиологиеи амчыбжь аҩнуҵҟа ԥшьба- ԥшьба сааҭ рзалхуп.