Диоскураа рыԥшаҳәаҿы арт-обиект "Аиҩызара аҵла" аартын
15:36 27.08.2026 (ирҿыцуп: 17:41 27.08.2026)

© Foto / "Апсныпресс"
Анапаҵаҩра
АҞӘА, нанҳәа 27 — Sputnik. Бадра Гәынбеи Сергеи Кириенкои иалахәын Башкортосҭан еиҭашьақәнаргыло Диоскураа рыԥшаҳәа ахәҭаҿы арт-обиект "Аиҩызара аҵла" аартра.
Арт-обиект агәҭа еиҭаҳауп Аԥсни Урыстәылеи рыжәларқәа рыбжьара шықәсырацәалатәи аиашьаратә еимадарақәа ирсимволу аиҩызаратә ҵла. Арт-обиект Свердловсктәи аобласт аҿы иҵху агранит иалхуп.
Арымӡ ақәҟьаҿы ишьақәырӷәӷәоуп зыԥсҭазаара Аԥсны иадызҳәалаз, ареспублика акультуреи, аҭҵаарадырреи, аҵаралашареи рырҿиараҿы злагала дуу аԥснытәии урыстәылатәии аусзуҩцәа дуқәа рыхьӡқәа зну агәалашәаратә хьӡынҵақәа 15.
Арт-обиект аартра — урыстәылатәи арегионқәеи егьырҭ апартниорцәеи рыцхыраарала Диоскураа рыԥшаҳәа арԥшӡаразы мҽхакыҭбаала аусурақәа рыцҵара ауп.