Аԥсны анаплакқәа урыстәылатәи аусбарҭақәа рзы аҳәынҭқарратә ҿаҵақәа рынагӡара рылшоит
00:15 28.08.2026 (ирҿыцуп: 00:43 28.08.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, нанҳәа 28— Sputnik. Аԥсны анаплакқәа урыстәылатәи аусбарҭақәа рзы аҳәынҭқарратә ҿаҵақәа рынагӡара рылшоит.
Сергеи Кириенко иазгәеиҭеит уаанӡа амчратә усбарҭақәа, Атәылахьчара аминистррагьы уахь иналаҵаны, рзы аҿаҵарақәа рынагӡара зылшоз урыстәылатәи анаплакқәа заҵәык шракәыз.
Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рнаплакқәа ари аус анагӡаразы азин рызҭо аусԥҟа инапы аҵеиҩит Владимир Путин.
Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко аҟәатәи аӡахырҭатә фабрика злеиқәыршәоу амаругақәа ахәшьара риҭеит, агәыӷра ааирԥшит ари аӡбамҭа анаплакы аҿиара иацхраап, уа аусурҭа ҭыԥ ҿыцқәеи ашәахтә зықәҵахо ахырхарҭақәеи еиҿкаахап ҳәа.
"Ари, Бадра Зураб-иԥеи сареи акрааҵуеит ҳалацәажәоижьҭеи — Аԥсны аԥхынра мацара акәымкәа, ашықәс зегьы аҩнуҵҟа аусурҭатә ҭыԥқәа реиҿкаара", — азгәеиҭеит иара.