Аԥсны азы Урыстәыла атәылауаҩра аиқәыршәаразы ахәԥса 5 нызқьмааҭ иреиҳамкәаны иаанхоит
00:07 28.08.2026 (ирҿыцуп: 00:45 28.08.2026)

© Sputnik / Табылды Кадырбеков
Анапаҵаҩра
АҞӘА, нанҳәа 28— Sputnik. Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи ртәылауаа рзы урыстәылатәи атәылауаҩра аиқәыршәаразы ахәԥса 5 нызқьмааҭ иреиҳамкәаны иаанхоит.
Иахьатәи амш азы егьырҭ атәылақәа ртәылауаа рзы уи 50 нызқьмааҭ рҟынӡа инаӡоит иҳәеит Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко.
Иара иажәақәа рыла, Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи ртәылауаа рзы иҷыдоу аӡбамҭа идикылеит Владимир Путин. Азакәанԥҵара ариашарақәа ҭагалан ауп ианалагалахо. Ареспублика атәылауаа, ҿыц ииз ахәыҷқәагьы уахь иналаҵаны, мамзаргьы уаанӡа Урыстәыла атәылауаҩшәҟәы змоуцыз уажәнатә 5 нызқьмааҭ ршәар рылшоит ҳәа аӡбамҭақәа рыдкыларазы азинмч имоуп Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ.