Урыстәыла ахада игрантқәа рфонд ахь аԥснынтәи азыҳәақәа рыдаркылалоит цәыббра 1 инаркны
00:32 28.08.2026 (ирҿыцуп: 00:49 28.08.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, нанҳәа 28 — Sputnik. Урыстәыла ахада игрантқәа рфонд ахь аԥснынтәи азыҳәақәа рыдкылара иалагоит цәыббра 1 инаркны иҳәеит Сергеи Кириенко.
Сынтәа ареспублика аҟынтәи апроектқәа рзы афонд абиуџьет аҟынтәи ирзоужьуп 150 млн мааҭ.
"Аԥсны атәылауааи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи, икоммерциатәым аиҿкаарақәеи Урыстәыла атәылауааи урыстәылатәи аиҿкаарақәеи ираҟараны ҳаицлабрақәа зегьы ирылахәхар рылшоит, абри азы аҳәынҭқарра ахада инапы зҵеиҩыз аԥҟара аус ауеижьҭеи акрааҵуеит. Аха, зны-зынла аиндаҭлара шыуадаҩу еилкааны, ҷыдала, аҳәынҭқарра ахада иӡбарала — Аԥсны атәылауааи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи рыпроектқәа рыдгыларазы мацаразы иазоужьхоит 150 млн мааҭ", — азгәеиҭеит иара.
Кириенко ареспублика атәылауаа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит егьырҭ агранттә еицлабрақәагьы рхы аладырхәырц.