00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
13:00
30 мин
13:30
31 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:36
10 мин
08:00
30 мин
On air
08:30
30 мин
On air
13:00
30 мин
On air
13:30
30 мин
On air
18:00
31 мин
On air
18:30
30 мин
On air
21:00
31 мин
On air
21:30
30 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Бадра Гәынба анапынҵа ҟаиҵеит Дәрыԥшь аӡымҩангага аиҭашьақәыргылара иалагарц

© FotoПрорыв водопровода в Гале
Прорыв водопровода в Гале - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.08.2026
Анапаҵаҩра
Аԥхасҭа ҟалеит нанҳәа 27 рзы ақәаршҩы ӷәӷәа ашьҭахь адгьылҳәазара иахҟьаны. Ӡыда иаанхоит быжь-қыҭаки Гәдоуҭа ақалақь аиҳараки.
АҞӘА, нанҳәа 28 — Sputnik. Бадра Гәынба Акапиталтә ргыларатә усбарҭа анапынҵа риҭеит, аамҭа кьаҿк иалагӡаны Дәрыԥшь аӡымҩангага аиҭашьақәыргылара иалагарц.

Аԥсны ахада Гәдоуҭа араион ахада Асҭамыр Аргәыни, акапиталтә ргыларатә усбарҭа анапхгаҩы Демир Гамсаниеи алархәны аилацәажәара мҩаԥигеит. Уи азкын ақыҭа ӡыла еиқәзыршәо, иааидкылан 500 метра инаӡо аӡымҩангага хадақәа ҩба рҿы иҟалаз амашәыр.
Аԥхасҭа ҟалеит нанҳәа 27 рзы ақәаршҩы ӷәӷәа ашьҭахь адгьылҳәазара иахҟьаны. Ӡыда иаанхоит быжь-қыҭаки Гәдоуҭа ақалақь аиҳараки. Ақалақь араионқәак рахь аӡы нарышьҭуеит аамҭа-аамҭалатәи аихшанҵа ала ҳәа адырра ҟаиҵеит Асҭамыр Аргәын.

Демир Гамсаниа атәыла ахада адырра ииҭеи, аспециалистцәа амашәыр ахьыҟалаз аҭыԥ шгәарҭаз, атехника иԥхасҭахаз аӡымҩангагақәа рахь инеирц 300 метра рҟынӡа амҩа рыцқьатәуп ҳәа шышьақәдыргылаз.

Аамҭалатәи ӡбамҭак аҳасабала, иахәаԥшуеит апластикатә ӡымҩангагақәа рышьақәыргылара, анаҩс урҭ аихатәқәа рыла аԥсахра.

Аиԥылара аихшьаалақәа рыла атәыла ахада анапынҵа ҟаиҵеит, иахәҭоу атехника уаха аҭыԥ ахь инагазарц, шьыжьнаҵы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирылагарц.

Аҳәынҭқарра ахада имҩаԥгатәу аусқәа шырццактәу иазгәеиҭеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0