Хана Гәынԥҳа: Ақыҭа школқәа еиқәырхатәуп
11:54 29.08.2026 (ирҿыцуп: 12:13 29.08.2026)

© Sputnik Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, нанҳәа 29 — Sputnik. Ақыҭа школқәа еиқәырхатәуп ҳәа азылыԥхьаӡоит аҵара аминистр Хана Гәынԥҳа.
"Ақыҭаҿы ашкол, жәаҳәарада, ақыҭа иагәеисырҭоуп", — ҳәа лҳәеит лара, аҵаратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа рреспубликатә еилацәажәараҿы дықәгыло.
Убри аан, аҵаҩцәа маҷны измоу аклассқәа рышьақәыргыларазы азнеишьақәа реиҭахәаԥшра акраҵанакуеит ҳәа азгәалҭеит аминистр.
"Иаартны иҳәатәуп, аҵаҩцәа рхыԥхьаӡара ҩыџьа-хҩык иахьреиҳам аклассқәа реиқәыршәара ахьынӡаиашоу, ахәыҷы дахьышьақәгылаша асоциалтә ҭагылазаашьа аганахьала. Ари азҵаараҿы, алагарҭатә школ аҿы акәзаргьы акласс-комплектқәа раԥҵара иазхәыцтәуп ҳәа исыԥхьаӡоит", — лҳәеит лара.
Гәынба иара убасгьы ажәалагала ҟалҵеит ашколқәранӡатәи аусбарҭа арҵаратә еиҿкаара ашьаҭала иаԥҵазарц, ихаҭәаау ашкол — даҽа школк ашьаҭала, дара-дара еицәыхароу ашколқәа раркра аҽацәыхьчаразы.