Аблогер Даур Буаа иԥсра аус азы атәымтәылауаҩ даанкылоуп
16:56 29.08.2026 (ирҿыцуп: 18:40 29.08.2026)

© Sputnik Табылды Кадырбеков
Анапаҵаҩра
Тҟәарчал ииз Даур Буаа нанҳәа 28 рзы Қарҭ Диди-Дигоми иахьаҵанакуа иуаҭах аҿы дыԥсны дрыԥшааит. Иара иганахьала2022 шықәсазы Аԥсны аҳәынҭқарратә ԥсахразы ашьаус хацдыркит, уи ашьҭахь Қырҭтәылаҟа диасит.
АҞӘА, нанҳәа 29 — Sputnik. Аблогер Даур Буаа иԥсра аус азы атәымтәылауаҩ даанкылоуп.
Аусҭҵаара адыррақәа рыла, иаанкылоуи Буааи еибадыруан. Урҭ рҩыџьагьы иԥсыз Буаа иҩнаҿы, арҩашьыгатә маҭәашьар рыдыркылеит, анаҩс, рҩыџьагьы ргәы бааԥсхеит.
Қырҭтәыла АҩАР излашьақәнарӷәӷәо ала, Буаа иԥсҭазааразы ашәарҭара ишҭагылаз здыруаз иаанкыло, уи ихала дааныжьны, ауаҭах ашә адәахьала аҩбатәи ацаԥхала иаркны, иҟалаз азы адырра ҟамҵакәа, ацхыраара дамыԥхьакәа дцеит.
Буаа иԥсыбаҩ раԥхьатәи агәаҭараан ақәымчра ашьҭақәа аарԥшымызт. Аԥсра зыхҟьаз шьақәдыргылоит ҳәа рҳәеит аусбарҭаҿы.
Аусҭҵаара мҩаԥысуеит ахәҭаҷқәа "аҽшьра аҟынӡа анагара", "ашәарҭараҿ ааныжьра" рыла.