Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра ашықәсқәа раан хабарда ибжьаӡыз ргәаладыршәеит Аҟәа
20:47 30.08.2026 (ирҿыцуп: 22:08 30.08.2026)

© Sputnik / Sputnik
Анапаҵаҩра
АҞӘА, нанҳәа 30— Sputnik. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра ашықәсқәа раан хабарда ибжьаӡыз ргәалашәара иазку ахәылԥаз мҩаԥысит Аҟәа.
Аԥсуа театр аԥхьа еиҿкаан хабарда ибжьаӡыз рфотосахьақәа рцәыргақәҵа.
"Аԥсны Анацәа аҭынчреи асоциалтә иашареи рзы" аилак анапхгаҩы Гәыли Кьычԥҳа иазгәалҭеит, иҭахаз рыԥсыбаҩқәа рыԥшааразы аусура аҵак ду шамоу.
Аԥсны аминистрцәа реилазаараҟны еиҿкаау акомиссиа анапхгаҩы Иатыр Ажьиба иажәақәа рыла, аҳәынҭқарреи, аҭыԥантәии ауаажәларратәи еиҿкаарақәеи, Аџьар Ҟаԥшьи русеицура алҵшәақәа рыла, 45-ҩык инареиҳаны рыԥсыбаҩқәа еилкааны аҭаацәарақәа анышә иамардарц ирыҭоуп.
1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан хабарда ибжьаӡит 180-ҩык. Урҭ рҟынтәи 50-ҩык рыԥсыбаҩқәа ԥшаан.