Урыстәылатәи аҳаирхыхьчаратә мчқәа украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 239 ҭадырхеит
09:54 31.08.2026 (ирҿыцуп: 10:51 31.08.2026)

© Sputnik
Анапаҵаҩра
АҞӘА, нанҳәа 30— Sputnik. Урыстәылатәи арегионқәа рҿы аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 239 ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Адронқәа ҭархан Белгородтәи, Бриансктәи, Воронежтәи, Калугатәи, Курсктәи, Орловтәи, Ростовтәи, Самаратәи, Саратовтәи, Тамбовтәи, Тулатәи аобластқәа рҿы.
Уи адагьы, адронқәа ҭархоуп Москватәи арегион, Ҟрым, Краснодартәи атәылаҿацә, Амшын еиқәа ақәыԥшылараҿы.