https://sputnik-abkhazia.info/20260831/1065286589.html
Лавров: Урыстәыла аартуп Арктикаҿы аинырра иазхиоу аҳәынҭқаррақәа зегьы аус рыцура
Лавров: Урыстәыла аартуп Арктикаҿы аинырра иазхиоу аҳәынҭқаррақәа зегьы аус рыцура
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, нанҳәа 31— Sputnik. Урыстәыла аартуп Арктикаҿы аконструктивтә еинырра иазхиоу аҳәынҭқаррақәа зегьы аус рыцура иҳәеит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр... 31.08.2026, Sputnik Аҧсны
2026-08-31T10:39+0300
2026-08-31T10:39+0300
2026-08-31T15:09+0300
урыстәыла
ажәабжьқәа
сергеи лавров
аполитика
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/0b/17/1042771844_0:160:3073:1888_1920x0_80_0_0_c333267de2dbd427f2996b21ed9dffd9.jpg
АҞӘА, нанҳәа 31— Sputnik. Урыстәыла аартуп Арктикаҿы аконструктивтә еинырра иазхиоу аҳәынҭқаррақәа зегьы аус рыцура иҳәеит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров апортал Arctic.ru аинтервиу аҭо.Акыр ирацәаны, иарктикатәым атәылақәагьы уахь иналаҵаны, Анаӡаратәи Аҩада аҟны аинырразы Урыстәылеи дареи русеицура иазҿлымҳауп ҳәа ациҵеит иара.Аицусураҿы аԥеиԥш змоу партниорцәаны Москва иаԥхьаӡоит — Бразилиа, Индонезиа, Иран уҳәа БРИКС атәылақәа, иара убас Белоруссиеи егьырҭ ИАР алахәылацәеи.Убри аан хаз игоу еицырзеиԥшу арктикатә проектқәа рызҿлымҳара рымоуп Аладатәи Кореиеи Сингапури, урҭ Урыстәыла иаҿагыло мраҭашәаратәи асанкциақәа ишрылахәугьы.
урыстәыла
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/0b/17/1042771844_170:0:2901:2048_1920x0_80_0_0_08f06fc5ba6a53e08a0e3f41db28b1cc.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, сергеи лавров, аполитика
ажәабжьқәа, сергеи лавров, аполитика
Лавров: Урыстәыла аартуп Арктикаҿы аинырра иазхиоу аҳәынҭқаррақәа зегьы аус рыцура
10:39 31.08.2026 (ирҿыцуп: 15:09 31.08.2026) АҞӘА, нанҳәа 31— Sputnik. Урыстәыла аартуп Арктикаҿы аконструктивтә еинырра иазхиоу аҳәынҭқаррақәа зегьы аус рыцура иҳәеит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров апортал
Arctic.ru аинтервиу аҭо.
Акыр ирацәаны, иарктикатәым атәылақәагьы уахь иналаҵаны, Анаӡаратәи Аҩада аҟны аинырразы Урыстәылеи дареи русеицура иазҿлымҳауп ҳәа ациҵеит иара.
Ихадоу апартниорцәа рхыԥхьаӡараҿы Лавров рыӡбахә иҳәеит Китаии Индиеи. Аминистр иажәақәа рыла, Пекини Урыстәылеи рыбжьара аинырра амеханизмқәа жәпакы аус рухьеит — Арктикеи Аҩадатәи амшынтә мҩеи рзы аиҳабырабжьаратә консультациақәа инадыркны аҭҵаарадырратә усеицура аҟынӡа.
Аицусураҿы аԥеиԥш змоу партниорцәаны Москва иаԥхьаӡоит — Бразилиа, Индонезиа, Иран уҳәа БРИКС атәылақәа, иара убас Белоруссиеи егьырҭ ИАР алахәылацәеи.
Убри аан хаз игоу еицырзеиԥшу арктикатә проектқәа рызҿлымҳара рымоуп Аладатәи Кореиеи Сингапури, урҭ Урыстәыла иаҿагыло мраҭашәаратәи асанкциақәа ишрылахәугьы.