Гәынԥҳа: ашколқәа рҿы афатә ԥха аиҿкаара амилаҭтә гәабзиара иазҵаароуп
15:15 31.08.2026 (ирҿыцуп: 17:38 31.08.2026)

© Sputnik / Кирилл Брага
Анапаҵаҩра
АҞӘА, нанҳәа 31— Sputnik. Ашколқәа рҿы афатә ԥха аиҿкаара амилаҭтә гәабзиара иазҵаароуп ҳәа азгәалҭеит Аԥсны Аҵара аминистр Хана Гәынԥҳа.
Лара инаҵшьны иазгәалҭеит ари аус имариоу ишреиуам, аха ишынагӡатәу.
Аминистр илҳәеит Аԥсны ашколқәа 152 рҟынтәи 57 ахәыҷқәа рыфатә ԥханы аҟаҵара аиҿкаара ишазыхиоу. Иахьазы арҭ ашколқәа ирымоуп акрыфарҭатә залқәеи иахәҭоу аҩнымаҭәеи ҳәа азгәалҭеит Гәынԥҳа.
Лара лажәақәа рыла, школқәак рҿы акрыфарҭақәа зынӡагьы иҟаӡам, џьара-џьаргьы абуфетқәа роуп иҟоу, аха иара убас иҟоуп ахәыҷқәа акрырҿаҵаразы лшаракгьы ахьыҟам ашколқәа.
Уаанӡа Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко иҳәеит Аԥсны аиҵбыратәи аклассқәа рҵаҩцәа рзы ашколтә крыфарҭақәа рҿы ахәы ԥханы аҟаҵараз Урыстәыла ахада ирезервтә фонд аԥара шазоунажьуа. Владимир Путин иӡбарала арҭ ахықәкқәа ирзоужьхоит 245 млн мааҭ.