Бадра Гәынба ашколхәыҷқәа аҵарашықәс ҿыц алагара рыдиныҳәалеит.

Бадра Гәынба ашколхәыҷқәа аҵарашықәс ҿыц алагара рыдиныҳәалеит.
"Аҵарадырра - аҳәынҭқарра аҿиара аусхк аҟны уасхыр хадас иҟоуп. Ҳара иахьа ҳҵаҩцәа ираҳҭо адырреи ааӡареи ирыбзоуроуп ҳаԥсадгьыл уаҵәтәи аԥеиԥш", - аҳәоит адныҳәаларатә текст.
Сынтәатәи аҵарашықәс иазыхиоуп 152 школ, уаҟа аҵара рҵоит 29 нызқьҩык инарзынаԥшуа ахәыҷқәа.
Раԥхьатәи ашкол аҵәҵәабжьы раҳауеит 2300-ҩык рҟынӡа актәи акласс ахь зшьапы еихызго аҵаҩцәа.
14 школ рҟны иаатуеит афизика азы ауада ҿыцқәа, ԥшьышколк рҟны аусура иалагоит атомтә классқәа.Иара убас, 57 школ рҟны, аиҵбыратәи аклассқәа рҿы аҵара зҵо ахәыҷқәа хәыда-ԥсада ахәыԥха рзеиҿкаахоит.
Атәыла ахада рџьабаазы арҵаҩра иҭабуп ҳәа раиҳәеит, аҵаҩцәа ирзеиӷьишьеит аинтерес зҵоу аҵарашықәс, адырра ҿыцқәа, аҩызцәа бзиақәа, аихьӡара дуқәа.