Аицлабра "Аԥсны арҿиаҩцәа" ахь азыҳәақәа рыдкылара иалагеит
12:34 01.09.2026 (ирҿыцуп: 14:10 01.09.2026)

© Sputnik
Анапаҵаҩра
Адгылара ахырхарҭақәа иреиуоуп: асоциалтә усхкы, агәабзиарахьчареи аспорти, аҭаацәа рыдгылара, акультуреи акреативтә индустриақәеи, аҭоурыхтә гәалашәара, аҵареи аԥсшьареи, аекологиа, аволонтиорра, ауаажәларратә ҵакырақәа раԥҵара.
АҞӘА, цәыббра 1 — Sputnik. Аицлабра "Аԥсны арҿиаҩцәа" ахь азыҳәақәа рыдкылара иалагеит.
Азыҳәақәа адыргалар рылшоит ареспубликаҿы ашәҟәы иҭагалоу икоммерциатәым аиҿкаарақәа, иара убас аҳәынҭқарратәи амуниципалтәи усҳәарҭақәа. Адкылара мҩаԥысуеит асаит аҿы жьҭаара 16 асааҭ 23:30 рҟынӡа.
Аицлабра абиуџьет Урыстәыла ахада игрантқәа Рфонд иазоунажьит, 150 млн мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Алахәылацәа разыҟаҵаразы Аҟәеи араионқәа зегьи рҟны имҩаԥыргараны иҟоуп асеминарқәа, апроекттә ҟазарҭақәа, адистанциатәии латәаралатәии аконсультациақәа.
Аихшьаалақәа ҟарҵоит абҵарамзазы, адгылара зауа апроектқәа рынагӡара иалагар алшоит ԥхынҷкәын 1 инаркны.