https://sputnik-abkhazia.info/20260901/1065324684.html
Аԥсҭазаараҿы иҿыцу амҩа: Адыррақәа рымш Аҟәа
Аԥсҭазаараҿы иҿыцу амҩа: Адыррақәа рымш Аҟәа
Sputnik Аҧсны
29 нызқьҩык рҟынӡа ахәыҷқәа Аԥснытәи ашколқәа рахь инеит иахьа — Адырра амш аҽны. 01.09.2026, Sputnik Аҧсны
2026-09-01T14:40+0300
2026-09-01T14:40+0300
2026-09-01T15:07+0300
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/09/01/1065326422_0:100:1920:1180_1920x0_80_0_0_d74f227e314edb67c46361c6535e2ae4.jpg
Атәылаҿы 152 школ ыҟоуп, зегьы рҿы иахьа Адырра амш азгәарҭеит, аныҳәатә цәаҳәақәа мҩаԥыргеит, актәи акласс аҵаҩцәа ирԥылон.Аԥсны Аҵара аминистрра адыррақәа рыла, сынтәа раԥхьаӡакәны ареспублика ашколқәа рахь ицоит 2284-ҩык ахәыҷқәа, аха ари арбага иааиуа ҩымчыбжь рыҩнуҵҟа аҽеиҭанакыр алшоит.Бадра Гәынба ашколхәыҷқәа аҵарашықәс ҿыц алагара рыдиныҳәалеит, иазгәеиҭеит аҵарадырра аҳәынҭқарра ауасхыр хадақәа ишыруаку.Аҵаразы иманшәалоу аҭагылазаашьақәа раԥҵаразы аусура иацҵахоит, ашколқәа рҿы аиҭашьақәыргыаратә усурақәа мҩаԥысуеит ҳәа аҳәоит адныҳәалараҿы.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/09/01/1065326422_107:0:1814:1280_1920x0_80_0_0_efde5fa38b83fc1fffb3c79a39f19677.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
фото
Аԥсҭазаараҿы иҿыцу амҩа: Адыррақәа рымш Аҟәа
14:40 01.09.2026 (ирҿыцуп: 15:07 01.09.2026) 29 нызқьҩык рҟынӡа ахәыҷқәа Аԥснытәи ашколқәа рахь инеит иахьа — Адырра амш аҽны.
Атәылаҿы 152 школ ыҟоуп, зегьы рҿы иахьа Адырра амш азгәарҭеит, аныҳәатә цәаҳәақәа мҩаԥыргеит, актәи акласс аҵаҩцәа ирԥылон.
Аԥсны Аҵара аминистрра адыррақәа рыла, сынтәа раԥхьаӡакәны ареспублика ашколқәа рахь ицоит 2284-ҩык ахәыҷқәа, аха ари арбага иааиуа ҩымчыбжь рыҩнуҵҟа аҽеиҭанакыр алшоит.
Бадра Гәынба ашколхәыҷқәа аҵарашықәс ҿыц алагара рыдиныҳәалеит, иазгәеиҭеит аҵарадырра аҳәынҭқарра ауасхыр хадақәа ишыруаку.
Аҵаразы иманшәалоу аҭагылазаашьақәа раԥҵаразы аусура иацҵахоит, ашколқәа рҿы аиҭашьақәыргыаратә усурақәа мҩаԥысуеит ҳәа аҳәоит адныҳәалараҿы.

Адырра амш азгәарҭеит Аԥсны ашколқәа зегьы рҿы.

Ашколхәыҷқәеи урҭ рҭаацәеи еилаҳәа-еилаца, агәырӷьаратә цәаҳәақәа рахь инеит.

Адырра амш аҽны ииашаҵәҟьаны аныҳәатә гәалаҟара аҳра ауан.

Ашколқәа актәи акласс аҵаҩцәа ирԥылеит.

Иааизакны актәи акласс ахь инеит 2284-ҩык ахәыҷқәа.

Аԥсны ашколқәа рҿы аҵара рҵоит 29 нызқь инарзынаԥшуа аҵаҩцәа.

Зынӡа атәылаҿ 152 школ аус руеит.

Ари амш ахәыҷқәа рзы иныҳәоуп, рыԥсҭазаараҿы иҿыцу мҩаны иҟалеит.

Аныҳәа аан ахәыҷқәа рхы-рҿқәа рхыччон.

Аӡәырҩы гәацԥыҳәарыла иазыԥшуп актәи аурок.

Зызхара имыцәацгьы ыҟоуп.

Анкьаԥышҭачқәа Адырра амш иузаҟәымҭхуа иахәҭакуп.

Актәи акласс аҵаҩцәа изышьцылам, аинтерес рызцәырызго рацәахоит.

Аҟәатәи ахԥатәи абжьаратә школ аҟны Аԥсны аҳәынҭқарратә бираҟ кны икәашеит.