Гәдоуҭа араион ӡыла аиқәыршәаразы аӡы анагара еиҿыркаауеит
14:41 01.09.2026 (ирҿыцуп: 15:21 01.09.2026)

© telegram SputnikAbkhazia
Анапаҵаҩра
Аӡымҩангага ааха аиуит нанҳәа 27 рзы ақәоурақәа рышьҭахь адгьылҳәазара иахҟьаны. Ӡыда иаанхоит быжь-қыҭаки Гәдоуҭа аиҳараки, ақалақь араионқәак рахь аӡы нарышьҭуеит аамҭалатәи асхемала.
АҞӘА, цәыббра 1 — Sputnik. Гәдоуҭа ақалақьи араион ақыҭақәа быжьбеи ӡыла реиқәыршәара аиԥҟьарақәа ирыхҟьаны аӡы анагара еиҿыркаауеит.
Ауааԥсыра аӡыржәтәи ахархәаратә ӡи рыла реиқәыршәара иалахәуп аӡаагагатә машьынақәа 9.
Урҭ раара аамҭа иазку аинформациа аилкаара алшоит ҭелла:
Ауааԥсыра аӡыржәтәи ахархәаратә ӡи рыла реиқәыршәара иалахәуп аӡаагагатә машьынақәа 9.
Урҭ раара аамҭа иазку аинформациа аилкаара алшоит ҭелла:
Дәрыԥшь: +7 (940) 999-91-66
Лыхны: +7 (940) 771-70-16
Џьырхәа: +7 (940) 994-45-41
Мгәыӡырхәа: +7 (940) 994-13-26
Ҟәланырхәа: +7 (940) 994-02-30
Жәандәрыԥшь: +7 (940) 921-45-70
Абӷархықә: +7 (940) 901-00-70
Араион ахадараҿы иазгәарҭеит адгьылҳәазара иахҟьаны еилаԥыххааз Дәрыԥшьтәи аӡыҭгага аиҭашьақәыргылараз аусурақәа шцо атәы.
Араион ахадараҿы иазгәарҭеит адгьылҳәазара иахҟьаны еилаԥыххааз Дәрыԥшьтәи аӡыҭгага аиҭашьақәыргылараз аусурақәа шцо атәы.
