Аҟәа аҵиаақәа америкатәи аԥарԥалыкь шкәакәа рацәыхьчаразы ауснагӡатәқәа мҩаԥыргоит
15:34 01.09.2026 (ирҿыцуп: 15:50 01.09.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
Анапаҵаҩра
Ақалақьқәеи араионқәеи руааԥсыра рхала аԥхасҭа зырҿио ахәаҷа-маҷа иаҿагыланы ақәԥара рылшоит, аинсектицидқәа рырҭоит ақыҭақәа рхадарақәа рҿы.
АҞӘА, цәыббра 1 — Sputnik. Аҟәа хырԥашьа змам ауснагӡатәқәа мҩаԥыргоит аҵиаақәа америкатәи аԥарԥалыкь шкәакәа рацәыхьчаразы.
Ашәыри арԥшӡагатә ҵлақәеи аԥхасҭа ду рызҭо ахәаҷа-маҷа рыԥхасҭа иалацәажәеит Аҟәа ахадараҿы имҩаԥысыз аилацәажәараҟны.
Асааҭ 04:30 инаркны 07: 00 рҟынӡа аҵиаақәа аус рыдырулалоит Ақыҭанхамҩа аминистрра ирнаҭаз ахимикатқәа рыла. Ичмазаҩхаз аҵлақәа рыхәышәтәра ала иалагоит, урҭ адронқәа рыла ахәшә рықәырҭәалоит. Аус адулара ахьымҩаԥгахо араионқәа реихшанҵа хара имгакәа ишьақәдыргылоит.
Аԥарԥалыкь аҟазаара аҭагылазаашьа ахҳәаа арҭеит Аԥсны Ақыҭанхамҩа аминистрраҿгьы. Аҵлақәа рыхьчаразы ахимиатә хәшәқәа рхархәареи амеханикатә қәԥареи еицырхыраатәуп – хымԥада аҵлақәа гәаҭалатәуп, абызкаҭаҳатә ҭрақәа секаторла, хәархьла ихыҵәҵәалатәуп, анаҩс аҭыԥ анҭыҵ иганы ибыллатәуп.
Аԥарԥалыкь аҿагыларазы аинсектицидқәа афермерцәа ироур рылшоит ақыҭақәеи ақалақьқәеи рхадарақәа рҿы.