Даур Буаа иԥсра аус инамаданы ҩыџьа ауаа ааныркылеит Қарҭ
18:56 01.09.2026 (ирҿыцуп: 19:16 01.09.2026)

© Sputnik Табылды Кадырбеков
Анапаҵаҩра
Тҟәарчал ииз Даур Буаа нанҳәа 28 рзы Қарҭ Диди-Дигоми иахьаҵанакуа ауаҭах аҿы дыԥсны дрыԥшааит.
АҞӘА, цәыббра 1 — Sputnik. Даур Буаа иԥсра аус инамаданы ҩыџьа ауаа ааныркылеит Қарҭ.
Иҭакуп Саба Бочоришвилии Гиви Гәдаӡеи, урҭ рыҩны арҩашьыгатә маҭәашьарқәа рыԥшааит. Руаӡәы ззин ыҟам амаҭәашьарқәа Буаа иҩыза, Украина атәылауаҩ Валериа Кирлиук илиҭеит ҳәа аанацҳауеит аҭыԥантәи ателеканал "Имеди".
Уаанӡа азинхьчаҩцәа Кирлиук лхаҭа дааныркылеит. Аусҭҵаара излаҳәо ала Буааеи лареи арҩашьыгатә маҭәашьарқәа рыдкылан ишыҟаз, ахаҵа игәы анҽеимха дааныжьны дцеит. Ашьаус хацыркуп — ауаҩы ашәарҭара иҭаргылара ахәҭаҷ ала.
Тҟәарчал ииз Даур Буаа нанҳәа 28 рзы Қарҭ Диди-Дигоми иахьаҵанакуа ауаҭах аҿы дыԥсны дрыԥшааит. Иара иганахьала 2022 шықәсазы Аԥсны аҳәынҭқарратә ԥсахразы ашьаус хацдыркит.